Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ажьиба агазеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер аҭыҵра иазкны: иџьашьатәуп уи злалыршахаз

© Sputnik / Томас ТхайцукЕнвер Ажиба
Енвер Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәышықәса раԥхьа жәабранмза 27 рзы иҭыҵит агазеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер, уи редакторс даман Дырмит Гәлиа. Излалыршахазеи ҳтәыла ақырҭуа меншевикцәа ахаԥаны ианыҟаз аамҭазы уи аҭыжьра? Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа агазеҭ "Аԥсны" аредактор хадас иамоу Енвер Ажьиба.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ажьиба агазеҭ "Аԥсны" аҭоурых иазкны

"Ҳара ҭоурыхла иаадыруа, ҳзыԥхьахьоу, иҳамоу аматериалқәа рыла уазхәыцыр, уамашәа иубартә иҟоуп усҟан 1919 шықәса рзы Аԥсны аменшевикцәа ахаԥаны ианыҟаз, Гәлиа излаилшазеи агазеҭ аҭыжьра ҳәа. Маан зыжәлаз хаҵак ақырҭуа меншивикцәа дахьырҿагылаз, абра агазеҭ аарттәуп ҳәа афактқәа зну ҳамоуп, усҟан иара ихыччон, аҵәы илырхуан. Дара ассимилиациатә ҟазшьа змаз аполитика иаҿын аҟнытә агазеҭ рзааҳартып, уеизгьы иалаҳарӡуеит ҳәа ргәы иаанагон. Аха дара ишырҭахыз иҟамлеит, Гәлиа иҩызцәеи иареи даҽа хырхарҭак арҭеит агазеҭ, уи актәи аномер инаркны иаҳәоз аԥсуа жәлар рхьаа акәын, уи рҟырҟы икылхны инарыгӡеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ажьиба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0