Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гогәуа афонд "Аԥсны" аусуразы: ҳауаажәлар адгылара рыҭара ҳуалуп

© Foto / предоставлено Сонером ГогуаСонер Гогәуа
Сонер Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сонер Гогәуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит афонд абиуџьет шаҟа артәо, уи аус ацызуо аилахәрақәа шаҟа аларгало, иара убас уи ҳауаажәлар рзы ҵакыс иамоу ртәы.
"Хра злоу ахҭысқәа": Гогәуа афонд "Аԥсны" аусура иазкны

"Сҩызак ишиҳәаз еиԥш, агәыҳалалреи абзиабареи ахьынӡаҟоу аԥсҭазаараҟны ауаа ыҟазаауеит. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" раԥхьа аусура ианалагоз исгәалашәоит усҟан иҟаз алшарақәа, иаҳзыҟаҵома, адгылара ҳарҭома ҳәа ахәыцрақәа. Аха ауадаҩрақәа ахьыҟам адунеи аҟны ҭыԥ ыҟам. Усҟан иҳадгылаз ҳҩызцәа рыцхыраарала аусура ҳалагеит, абар ԥшьышықәсагьы ҵит. Арҭ ашықәсқәа рыҩнуҵҟа 50 миллион мааҭ абиуџьет ҳаман. Уи рацәамзар ҟалап, аха Аԥсны аҭагылазаашьа ҳанахәаԥшуа - иагьмаҷым. Ҳалшарақәа, хымԥада, ҳааигәа иҟоу аҳәынҭқарреи ҳареи иҳабжьоу ахәаахәҭра гәаҭаны, абиуџьет еиҿаҳкаауеит. Ҳара ацхыраара ҳазҭо аилахәырақәа Урыстәыла, ма Ҭырқәтәыла ахәаахәҭра знапы рылаку роуп. Уи абизнес аҟынтә ироуа ахашәала хә-процентк рыла ауп афонд абиуџьет шыҟаҳҵо. Аԥхьа ҳаналагоз аасҭа ҳалшарақәа рацәам, сынтәа иазгәаҭаны иҳамоуп 10 миллион мааҭ рҟынӡа. Хымԥада, иаҳа еиҳазар акәын, избанзар ҳауаажәлар ацхыраара ахьырҭаху аусқәа даара ирацәоуп. Ҳхәынҭқарра иахьа изхьымӡо аусқәа рҟны ҳауаажәлар ацхыраара, адгылара раҳҭарц ҳгәы иҭоуп, уи ҳаҟәыҵӡом, амиллионқәа ҳамазаргьы иҳамамзаргьы, ҳауаажәлар рывагылара ҳуалуп ҳәа иаҳԥхьаӡоит", - иҳәеит Гогәуа.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аус ауеижьҭеи 4 шықәса ҵуеит.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0