Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қапԥҳа аконцерт "Piano Duo" азы: аныҳәатә гәалаҟазаара узҭо ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукАрифа Капба
Арифа Капба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы аӡыргаразы аспециалист хада Арифа Қапԥҳа, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ахәаԥшцәа ирыдыргало сынтәатәи аконцерт "Piano Duo" зеиԥшрахо.
Қапԥҳа аконцерт "Piano Duo" азы: аныҳәатә гәалаҟазаара узҭо ауп

"Ари аконцерт ԥшьынтәоуп сынтәа имҩаԥысуеижьҭеи. 2016 шықәсазы афилармониа асолистцәа Нинель Бжьаниаԥҳаи Гәылиза Аҩӡԥҳаи еицырыӡбеит ҩ-роиальк рдует. Сынтәа аконцерт ҷыдала ирызкхоит аҳәса. Еицырдыруа еиуеиԥшым амузыкатә композициақәа раҳартә алшара роуеит аконцерт ахь инеиуа. Иҳәатәуп ахәаԥшцәа рзы апрограммаҟны иззыԥшӡам аҳамҭақәа маҷқәа шыҟало. Аконцерт "Piano Duo" шьҭа итрадициа бзиахеит, аншлаг ҟалалон, агәра ҳӷоит избахьоу шнеиуа, имнеицгьы ааԥхьара раҳҭоит, аныҳәатә гәалаҟазаара узҭо ауп", - лҳәеит Қапԥҳа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны ҳәажәкыра 7 рзы Гәылиза Аҩӡԥҳаи Нинель Бжьаниеи афортепианқәа рҟны рыхәмарра рбоит ахәаԥшцәа. Урҭ ирыцықәгылоит Давид Терзиан напхгара зиҭо Аҳәынҭқарратә акамертә аоркестр. Аконцерт убасгьы рхы аладырхәуеит Шәачатәи аоркестр амузыкантцәа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0