Какоба: аҵара асистема аиӷьтәра уадаҩуп ахәыҷбаҳчақәа разымхара азҵаара ӡбамкәа
"Ихадоу зҵаараны иахьа аминистрра аҿаԥхьа икәгылоуп ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчақәа рахь рнеираан аҭыԥ азымхара. Ԥсыхәа зламаз ала агәыԥқәа рхыԥхьаӡара ишацҵазгьы 2 нызқьи 354 арзаҳалқәа ахьыҟаз 2018 шықәсазы, иаднакылаз 1172-ҩык роуп, даҽа 1182-ҩык ахәыҷбаҳчахь изымцаӡеит. Абарҭ азҵаарақәа ӡбаӡамкәа аҵара асистема аиӷьҭәра аҳәара уадаҩхоит", - иҳәеит Какоба.
Аминистр убасгьы дазааҭгылеит арҵаҩцәа рызҵаара. Иазгәеиҭеит ашколқәа рҟны аус зуа 900-ҩык арҵаҩцәа инареиҳаны тәанчра ацра зықәнагоу шракәу, 448 –ҩык рзанааҭ ала аус шырымуа.
Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир.