Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба: аҵара асистема аиӷьтәра уадаҩуп ахәыҷбаҳчақәа разымхара азҵаара ӡбамкәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Какоба
Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба аиҳабыра реилатәараҟны иҳаҩсыз ашықәс азы русура аҳасабырба ҟаиҵеит.
Какоба: аҵара асистема аиӷьтәра уадаҩуп ахәыҷбаҳчақәа разымхара азҵаара ӡбамкәа

"Ихадоу зҵаараны иахьа аминистрра аҿаԥхьа икәгылоуп ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчақәа рахь рнеираан аҭыԥ азымхара. Ԥсыхәа зламаз ала агәыԥқәа рхыԥхьаӡара ишацҵазгьы 2 нызқьи 354 арзаҳалқәа ахьыҟаз 2018 шықәсазы, иаднакылаз 1172-ҩык роуп, даҽа 1182-ҩык ахәыҷбаҳчахь изымцаӡеит. Абарҭ азҵаарақәа ӡбаӡамкәа аҵара асистема аиӷьҭәра аҳәара уадаҩхоит", - иҳәеит Какоба.

Аминистр убасгьы дазааҭгылеит арҵаҩцәа рызҵаара. Иазгәеиҭеит ашколқәа рҟны аус зуа 900-ҩык арҵаҩцәа инареиҳаны тәанчра ацра зықәнагоу шракәу, 448 –ҩык рзанааҭ ала аус шырымуа.

Шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0