Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Еныкь: "Кавказский меловой круг" Аҿар Ртеатр раԥхьаӡа излахәу афестиваль ауп

© SputnikАслан Еныкь
Аслан Еныкь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар Ртеатр аспектакль "Қьалашьбеи" афестиваль "Кавказский меловой круг" аҟны иқәдыргылоит ҳәа азгәеиҭеит Sputnik Аԥсны арадио аефир аҿы атеатр анапхгаҩы Аслан Еныкь.
Еныкь: "Кавказский меловой круг" Аҿар Ртеатр раԥхьӡа излахәу афестиваль ауп

"Аҩымҭа "Қьалашьбеи" аԥсуаа ҳҭоурых мацара акәым, Кавказ зегьы аҭоурых аазырԥшуа аҩымҭақәа ируакуп, убри аҟнытә иаҳҭаххеит аиашьаратә жәларқәа еицаҳзеиԥшу атема шьҭаҳхырц. Уажәы ашәҟәқәа реиқәыршәара ҳаҿуп. Знык Москва ҳцахьеит аҟнытә, иацу акәамаҵамарақәа аадыруеит. Афестиваль ахь ҳцаанӡа ақәыргыламҭа знык ҳахәаԥшцәа идҳарбоит, уи амза 17 рзы акәхоит. Анаҩс, уа ҳаннеилак, асцена ашәагазагақәа инарықәыршәаны аус адааулоит. Ари ҳара ҳзы раԥхьатәи фестивальуп. Иҳамоуп гәыӷрақәак иҟоу аноминациақәа рҟнытә акы ҳаԥсахап ҳәа", - азгәеиҭеит Еныкь.      

Афестиваль "Кавказский меловой круг" мҩаԥысраны иҟоуп Маиҟәаԥ, мшаԥы 22 - 28 рзы. Иара раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит 2005 шықәса рзы.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0