Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷкотуа Ирфан Аргәын изы: Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра ихы ақәиҵон

© Sputnik / Томас ТхайцукОктаи Ҷкотуа
Октаи Ҷкотуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дигәалаиршәеит Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа иреиуоу Ирфан Аргәын. Еицырдыруа ҳџьынџьуаҩ диижьҭеи иахьа 85 шықәса ҵит.
Ҷкотуа Ирфан Аргәын изы: Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аполитика ихы ақәиҵон

"Ирфан Аргәын Ҭырқәтәылагьы Аԥсынгьы ҳауаажәлар ибзианы еицырдыруа уаҩуп. Диит иара 1934 шықәсазы Диузџье ақалақь аҟны, шьҭрала иара Аԥсны Анхәантәи ихырҵәаз аҭаацәара дреиуан. Иара Ҭырқәтәылагьы Диузџье ақалақь ааигәа Анхәа захьӡу аԥсуа қыҭа ыҟоуп. Аҳәаақәа рҟны, мамзаргьы аҳаиртә баӷәазақәа рҟны "диути–фри" ҳәа ззырҳәо адәқьанқәа Ҭырқәтәыла раԥхьаӡа bаазыртыз иоуп Ирфан. Абизнес аганахьала даара дыӷәӷәан, афирмагьы напхгара аиҭон, асасааирҭақәа, атуризм иадҳәалоу аҭыԥқәа аҵанакуан.

Ҭырқәтәыла иҟоу адиаспореи Аԥсныи аибабара, аиҭанеиааира анрыбжьала, иҩызцәеи иареи рҽеидкыланы афирма аадыртит. Аԥсны аибашьра алагаанӡа  ицахьан, иаахьан. Аԥсны Иреиҳаӡоу аилак ахантәаҩы Владислав Арӡынба Аԥсны ахаҭарнакцәас Ҭырқәтәыла иалиххьан Ирфан Аргәын, Аҭаи Цәышба, Џьенгиз Гогәуа. Аибашьра ианалага Сҭампыл ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рҽеидкыланы, "Кавказ Аԥсны адгыларазы" аилакгьы анаԥырҵаз. Аамҭак уи аилак напхгара аиҭон Аҭаи Цәышба, анаҩс Џьамалеҭҭин Арӡынба, уи ашьҭахь напхгаҩыс дҟалеит Ирфан Аргәын. Иара уаанӡагьы аилак анапхгара даналаз аиҳарак иҟәаҟә иқәын, аха аиҳабыс даныҟала, зынӡа аидара ӷәӷәа иқәлеит. Жәаф шықәса "Кавказ Аԥсны адгыларазы" аилак анапхгаҩыс дыҟан. Аилак усҟан инанагӡаз даараӡа ирацәоуп, уи ажәак-ҩажәак рыла иузеиҭаҳәом. Аилак Аԥсны аганахьала инанагӡаз аус азы Леон иорден анаршьахьеит. Ҭырқәтәыла Аԥсны аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчара аума, жәларбжьаратәи аиҿкаарқәа рахь ак ҳәатәызма, ианҵатәызма, Аԥсныҟа нхара иаауаз рымҩақәҵара аума, Ҭырқәтәылеи Аԥсныи рыбжьара аполитикатә, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аус рыдулара аганахьала, ган рацәала ицоз аусқәа напхгара анаҭон Ирфан Аргәын дызхагылаз "Кавказ Аԥсны адгыларазы" аилак.

Сара схы-сгәаҟны инхеит иара иҟазшьа. Ирфан душьыргьы, аума идугаларгьы, дургәыбзыӷыргьы, дуршәаргьы, адунеи ааурҳәыргьы, Аԥсны аҳәынҭқарра аполитика иацәхьаҵны шьаҿак ирҟаҵара аӡәгьы илшомызт, убас Аԥсны аҳәынҭқарра аполитика ихы ақәиҵон. Уи амшала имаҷымкәа ауаа ргәы нирхахьан, изгәамҵуаз, згәы ԥжәоз ҟалахьан иара иганахьала, аха уи зегьы зыҟаиҵоз Аԥсны ахьыԥшымра, аҳәынҭқарра аполитика дахьацныҟәоз азы акәын. Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, иахьа ҳдиаспора ахеидкылақәа напхгара рызҭо роума, даҽаџьара аума, абри ҿырԥшны ирымазар сҭахуп - Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аганахьала аполитика ацәхьамҵра", - иҳәеит Ҷкотуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0