Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Адлеиԥҳа хылаԥшрада иҟоу ахәыҷқәа рыҩназы: аԥсуаа бзиарас иҳамоу зегьы адҵатәуп

© SputnikЛиудмила Адлеиԥҳа
Лиудмила Адлеиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҟоума Аԥсны хылаԥшрада иаанхаз ахәыҷқәа, иҟазар, иаҳҭахума дара ахьааӡатәу аҩны? Абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиԥҳа.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Адлеиԥҳа хылаԥшрада иҟоу ахәыҷқәа рзы аҩны иазкны

"Иҟоуп аҭаацәа - ан дҭакуп, аб дыҟаӡам. Дабацо ахәыҷы? Ус еиԥш аҭагылазаашьаақәа ҳаухьеит. Ахәыҷы ҽынла ашкол аҿы дыҟан, уахынла дахьаҳго ҳамамызт. Деимдо дҳаман. Уажәшьҭа жәаа шықәса ихыҵит, ихы ныҟәигартә дҟалеит. Қьырала ауада амихуеит. Дыбжьымсит. Иргылахо аҩнаҟны инагахо ахәыҷқәа еилыхтәуп. Аԥсуаа хзы ари ихьанҭоу усуп, аижәлантә ыҟоуп, ауацәа, аҭынхацәа. Ахәыҷқәа рыҩны анаҳҳәа, уа аӡҟы инаиркны ақәрақәа зегьы ыҟазароуп. Аԥхарра аҵаҵаны, аԥсуаа иҳамоу абзиара зегьы убри аҩнаҿы инагатәуп", - азгәалҭеит Адлеиԥҳа.     

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0