Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Беиаԥҳа еиҭалҳәеит лаҵарамзазы Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы имҩаԥгахо аусхкқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМзиа Беиа
Мзиа Беиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит лаҵарамзазы амузеи имҩаԥнагараны иҟоу аусхкқәа ртәы.
Беиа: лаҵарамза беиоуп Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы имҩаԥгахо аусхкқәа рыла

"Лаҵарамза 7 рзы амузеи аҿы имҩаԥахоит аԥсадгьыл ахьчареи абзиабареи ирызку аусмҩаԥгатәқәа. Уи иалахәуп 4-6 аҳҭнықалақь абжьаратә школқәеи, алицеи-интернат аҵаҩцәеи. Араҟа уи аҽны иҟалоит аныҟәарақәа, ахәыҷқәа ажәеинраалақәа ирыԥхьоит, ашәақәа нарыгӡоит. Аҵаҩцәа идҳарбарц ҳгәы иҭоуп адокументалтә фильм "Санчара. Аԥсра ашьҭахь". Иара убас имҩаԥгахоит аԥсадгьыл ахьчареи абзиабареи ирызку алекциақәа – ари зегьы мышкы иалагӡаны ауп. Лаҵарамза 14, Владислав Арӡынба иирамш аҽны, изқәаҭыԥаҿ ашәҭқәа шьҭацахоит, анаҩс лаҵарамза 18 рзы Аԥснытәи амузеиқәа ракциа "Аҵх амузеи" аҿы ҳаргьы ҳалахәхоит. Аҭааҩцәа идырбахоит аекспозициа ҿыцқәа, урҭ рахьтә иалукаақәо иреиоуп Аԥсны раԥхьатәи атәылахьчара аминистр Владимир Аршба изку аекспозициа. Еиҿкаахоит ажәеинраалақәа исахьаркны раԥхьаразы аицлабра. Ари амз амузеи азы ибеиоуп еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рыла, ара еиҿкаахоит даара аинтерес зҵоу аусхкқәа", - азгәалҭеит Беиаԥҳа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0