Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Қәычбериа еиҭеиҳәеит Очамчыра араион аԥсшьаҩцәа рыдкылара иахьынӡазхиоу атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукВиачеслав Қәычбериа
Виачеслав Қәычбериа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Виачеслав Қәычбериа арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит аԥсшьаҩцәа рыдкылара иахьынӡазхиоу атәы.
Қәычбериа еиҭеиҳәеит Очамчыра араион аԥсшьаҩцәа рыдкылара иахьынӡазхиоу атәы

"Егьырҭ араионқәа рҟнеиԥш аԥсшьаҩцәа ҳарзыԥшуп. Урҭ раҟара алшара ҳамамзаргьы, Очамчыра амшын аҿықә даара иԥшӡоуп, есымша иахылаԥшуеит, идрыцқьоит. Араион аҩнуҵҟа иҳамоуп аӡырԥхақәа Кындыӷ ақыҭан. Уаҟа асасааирҭагьы ыҟоуп, иара убас Очамчыра акалақь аҟны асасааирҭақәа хԥа ҳамоуп. Урҭ зегь рыла еиқәшәоуп. Отаԥ ақыҭан аҳаԥқәа ҩба аԥсшьаҩцәа рыдыркылоит. Очамчыра Аԥсны даҽа қалақьк еицәаны иҟам, иҳалшо ала зегьы ҳарҿуп", - иҳәеит Қәычбериа.

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара шеиҿкаау, Кындыӷ ақыҭаҟны иҟоу аӡырԥхақәа шаҟа мааҭ араион абиуџьет иаларгалаз атәы.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0