Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Занҭариа Владислав изку иажәеинраала ҿыц азы: қәыԥсычҳарак ала иит

© Sputnik / Томас ТхайцукВладимир Занҭариа
Владимир Занҭариа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет, ажурналист Владимир Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны даԥхьеит ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба изикыз иажәеинраала ҿыц, еиҭеиҳәеит иара идҳәалоу игәалашәарақәа.

Иахьа, лаҵара 14 рзы 74 шықәса ҵит Аԥсны Раԥхьатәи ахада, аҵарауаҩ ду, аԥсуа жәлар рԥыза, Аԥсны Афырхаҵа Владислав Григори-иԥа Арӡынба диижьҭеи.

Занҭариа Владислав изку иажәеинраала ҿыц азы: қәыԥсычҳарак ала иит

"Унадыххыланы ажәеинраала узыҩӡом, ҩнуҵҟала акы уеиланаршыроуп. Иацы, иахьа схы дҭагьежьуан, иҟалап иира мшы иадҳәалазаргьы. Ажәеинраала изыскхьан 1989–тәи ашықәс азы имҩаԥысуаз ахҭысқәа раан ироль ӷәӷәа инадҳәаланы. Аха уи аахижьҭеи акыр ҵхьеит. Ариабжьарак исгәалашәон корреспондентк иаҳасабала Москваҟа ҳганы, аккредитациа шаҳзиуз. Анатоли Маланиа операторс дсыцын. СССР Иреиҳаӡоу Ахеилак аҟны Кремль аус дуқәа ахьеилашуаз ауаа рҿахәы рҿаҳхуа, ахҭысқәа ааҳарԥшуа алшара ҳаман. Иаргьы деигәырӷьон ахәыҷқәа реиԥш Аԥсуа телехәаԥшра аҟынтәи ҳахьицыз, уахынла дааны ҳкамера алакҭа дҭаԥшны игәеиҭон ианаҳҵаз. Ҩ-нызқьи ҩышәҩык адепутатцәа ахьыҟаз иара даарылукаартә дҟазҵаз ибаҩхатәра, игәаӷьра ауп. Жәлар рдепутатцәа Актәи реизара ду аҟны Владислав ицәырҵра аума аҵанакуан, убри арҭ амшқәа рзы исгәалашәан, самырцәеит, қәыԥсычҳарак ала иит абри ажәеинраала", - иҳәеит Занҭариа.

Владимир Занҭариа аефир аҟны даԥхьеит иажәеинраала ҿыц.

Дцәажәоит Владислав акаҩ-акаҩ ҳәа!..

В.Г. Арӡынба Москва, Жәлар Рдепутатцәа Актәи Реизара ду аҿы ииҳәаз ажәа иазкны

Абар, абар дахьнеиуа ашацаҳәа,
Ахьшьыцба даҩызоуп, ахьшьыцба! –
Атрибунаҿы даацәырҵит аҕьараҳәа,
Иаацәыригоит Аԥсны аӡбахә лабҿаба!

Ииҳәо ажәа - абырҵкал икылхуп,
Ииҳәо ажәа - Аԥснынӡа инаӡоит!
Ииҳәо ажәа - аԥсуа жәлар рыгәҭыхоуп,
Амца икуп, аша-еҵәеиҧш длашоит!

Ибжьы ҩныҩуеит Кремль акаҩ-акаҩ ҳәа,
Аҧхӡы хьшәашәа рықәҭәоит ҳаҕацәа,
Дцәажәоит Владислав – аҕьеҩ-аҕьеҩ ҳәа,
Анцәа Дуӡӡа, дҳамоуп, о, Анцәа!

Абасҟаамҭа ихәаҽын ҳа Ҳиаша,
Абасҟаамҭа иҵәахын ҳҭоурых!
Абар даацәырҵит ҳара ҳҵабырг зҳәаша,
Иҳәоит, иҳәоит уи ҳхаҭыӡшәа неиҵых!

Дцәажәоит Владислав! Иӡырҩуеит зықьҩык уа,
Иҳәоит аргама ишҳамырхуаз ҳбызшәа,
Иҳәоит аргама, ишыршьаҟьауаз ҳзинқәа,
Азал ӡырҩуеит... Ирбоит уи оумашәа...

Иҳәоит, абар, ишҳамырхуаз Ҳҳәынҭқарра,
Ишҳабашьуаз, ҳанырхырцаз ашәҟәы!
Маӡа-аргама ишҳадырҵоз ахара,
Ҳдашьхәа аныхраз ишԥырымкуаз акы...

Ибжьы зыҩныҩуа Аизарақәа Рханоуп,
Еицакра ақәым иажәақәа рҵакы!

Уажәы-уажә дахәаҧшуеит исааҭ Лукианов,
Арегламент гәеиҭоит, иҭынчым иара игәы...

Ақырҭқәа гәамҵуеит! Иргәаԥхом аиаша,
Аинфарктқәа днархьуеит ираҳауа!
Башаӡа иуалыуашоит урҭ, баша, –
Акымзаракгьы рымам – иҿадырхьуа!

Дцәажәоит Владислав! Аҕьеҩ-аҕьеҩ ҳәа!
Ихыҵуеит Аԥсынтәыла иху ашәшьы!
Дцәажәоит Владислав! Акаҩ-акаҩ ҳәа!
Саркьалҵас Кремль иҩныҩуеит иара ибжьы!

Ашәышықәсагь ааҭгылеит еиқәышьшьы...

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0