Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Инџьгьиа: амҳаџьырра ишахәҭоу еиԥш иҭҵааны макьана иҳамам

© Sputnik / Томас ТхайцукЏьамбул Инџьгьиа
Џьамбул Инџьгьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра- иахьынӡахәҭоу иҭҵааны иҳамам иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны аԥсадгьыл ахь архынҳəразы аминистр ихаҭыԥуаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Џьамбул Инџьгьиа.
Хра злоу ахҭысқәа: Инџьгьиа амҳаџьырра иазкны

"Амҳаџьырра аганахьала аҭоурых алкаақәа ҟаҵатәуп. Ҳара макьана иахьынӡахәҭоу иҭҵааны иҳамам ари атрагедиа. Ишыҟаз, анаҩс иахылҿиааз. Гьаргь Ӡиӡариа зегь раԥхьаӡа ихы иаирхәаз Урыстәыла иҟаз архивтә материалқәа роуп, аха иахьа Ҭырқәтәылагьы иҟоуп алшара убри аамҭа иаҵанакуа архивтә материалқәа рыҭҵаара. Уи инаҷыданы, Аԥсны иқәҵыз ирымоуп алшара рхылҵшьҭра ашьақәыргылара, уи аилкаара. Сара сыблала избахьеит Османтәи архив аҿы иаарԥшыз ахыҵхырҭа. Уаҟа иқәҵит ҳәа ануп "Сохум" ҳәа аҟынтә. Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәагьы иаҳа рҿы азцоит "Сохум", Аҟәа аасҭа. Абарҭ архивтә материалқәа еиҿыбааны иҭуҵаар уигьы азымхар ҟалап. Иаҳхамышҭыр ауп ахԥатәи агангьы шыҟаз. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи еилкаауп, аха иҟан аҵәы зыршозгьы – Англиеи Франциеи. Сҩызцәа аӡәык ҩыџьак аҿуп усҟантәи аамҭазы агазеҭқәа ирнырҵоз аҭҵаара. Убри аус шьақәыргыланы ианеиҿурԥшлак, убысҟан ауп иаҳа ихаҭәаау аиаша анаарԥшхо", - ҳәа азгәеиҭеит Инџьгьиа. 

Кавказ ажәларқәа рхырҵәара амш апрограмма ркьаҿуп имҩаԥысуа акциа инадҳәаланы

Лаҵара 21 Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иамшуп.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0