Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Цкәуа: Ацқьа Симон Кананит иҳаԥы иахьагьы иаҭаауеит хыԥхьаӡара рацәала аҳаџьцәа

© Foto / предоставлено Иналом ЦкуаИнал Цкуа
Инал Цкуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақьырсиандинхаҵара ныҟәызго зегьы иахьа иазгәарҭоит Симон Кананит имш ныҳәа АУУ аҭоурыхтә факультет астудент Инал Цкәуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ацқьа цҳаражәҳәаҩ иҭоурых.
Цкәуа: Афон Ҿыц иҟоу Симон Кананит иҳаԥы иахьагьы иаҭаауеит хыԥхьаӡара рацәала аҳаџьцәа

Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәоит апостол Симон Кананит.

"Симон Кананит деиԥшыртәуеит Иаса Қьырса еизаку иашьа Семион еиԥш. Аҳәамҭа инақәыршәаны Ацҳаражәҳәаҩ идикылеит амаӡаҩ игәаҟратә ԥсра амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы. Анышә дамадоуп ақалақь Никосиа. Ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала Симон Кананит нхарҭа ҭыԥс иалихит Афон Ҿыц аҟны иҟоу аҳаԥы. Уа имҩаԥигон аныҳәарақәа. Аҳаԥы ахаҭагьы аинтерес ду аҵоуп, иара археологиатә баҟа дууп. Усҟак идуум ҳаԥуп, аарлаҳәа жәаҩык ауаа акуеит, агәҭаҵәҟьа ахаҳә ду ҩнагылоуп. Ахыҵхарҭақәа изларҳәо ала, Ацҳаражәҳәаҩ изы еишәасгьы иарҭасгьы иҟан. Симон Кананит иҳаԥы абаразы иаауеит хыԥхьаӡара рацәала атәым тәылақәа рҟынтә аԥсшьаҩцәеи аҳаџьцәеи", - ҳәа азгәеиҭеит Цкәуа.

Анцәа иажәа ауаа рҟынӡа иназгоз: Ацқьа Симон Кананит имш Аԥсны иазгәарҭоит

Ацқьа цҳаражәҳәаҩ Симон Кананит Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп. Ацқьа цҳаражәҳәаҩ Симон Кананит инықәырԥшны ҳера ҟалаанӡа 55 шықәсазы Афон Ҿыц аҳаԥаҿы аӡиас Ԥсырцха азааигәара анхара далагеит.

I ашәышықәсазы Симон дахьынхоз аҳаԥы ааигәара ачымазарақәа зыхәшәтәуаз аӡыхь ыҵыҵуа иалагеит. IV ашәышықәсазы Симон Кантәи анышә дахьамадоу ааигәара ихьӡала ауахәама ргылан.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0