Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бебиаԥҳа еиҭалҳәеит Сергеи Багаԥшь изкны ашәҟәы аҭыҵра шыҟалаз

© Sputnikапрофессор Екатерина Бебиаԥҳа
апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 29 рзы аашықәса раԥхьа иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Аҵарауаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, ААУ апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит авторс дызмоу, урыс бызшәала иҭыҵыз Сергеи Багаԥшь изку ашәҟәы "Аҟәыӷареи афырхаҵареи рымҩа" шеиқәыршәахаз.
Хра злоу ахҭысқәа: Бебиаԥҳа Сергеи Багаԥшь изку ашәҟы иазкны

"Хымԥада, сара хықәкы хадас сҿаԥхьа иқәсыргылаз Сергеи Багаԥшь изымҳәаз ажәа аҳәара ауп, ижәлар рҟынӡа инеимгаз анагара ахьилымшаз азы. Ари ашәҟәы шықәсқәак рыла имиӡеит, сара схаҭа ажурналистикахь сшьаҿа анеихызга инаркны сгәы иҭакны исыман иара изкны ак аҩра. 1980-тәи ашықәсқәа рзы Очамчыра иӡбахә ссирны ианырҳәоз аамҭазы ауп саргьы ажурналистикахь саннеи, аха усҟан иара мап сцәикуан. Анаҩс аибашьра ашьҭахь зны ҳанеибаба ҳаицәажәап ҳәа дақәсыршаҳаҭхеит. Исгәалашәоит, аинтервиу аҟаҵаразы Џьгьардаҟа сцара шаҟа ацҭәы алҵыз, уи иахҟьаны сусура самхын, аха зегь акоуп сцеит, убри аҽны ҽнак хәлаанӡа ианаҳҵоз аефир ахь имцеит, аха иахьа иҭыҵыз ашәҟәы аиқәыршәара гәыцәс иаиуит", - ҳәа азгәалҭеит Бебиаԥҳа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0