Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа "Санду лҿы аԥсшьарамшқәа" азы: ахәыҷқәа аԥсуара агьама ддыркуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСария Кварацхелия
Сария Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Џьырхәа ақыҭан 6-15 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы еиҿкаауп аԥхынтәи алагер. Уи шышьақәгылоу даҭаан хаҭала илбеит Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Кәарцхьиаԥҳа "Санду лҿы аԥсшьарамшқәа" азы: ахәыҷқәа аԥсуара агьама ддыркуеит

"Ари алагерь аҿы ахәыҷқәа ақыҭа ԥсҭазаара иалахәхартә еиԥш иҟарҵоит, ргәы иаҭахызар анхараҿы аиҳабацәа ацхыраара рырҭалоит. Зегь реиҳа ихадоу ҳәа иалыскаауа, мчыбжьык аҩныҵҟа ахәыҷқәа ԥсышәала ирацәажәалоит. Дара рыҟазаара аамҭа иалагӡаны ирзеиҿкаахоит аныҟәарақәа, Џьырхәа иазааигәоу ақыҭа рахь ицалоит, иҟоу аҭыԥ ԥшӡарақәа дырбахоит. Ахәыҷқәа аԥсуаа рысасдкылашьа, асас иныҟәгашьа, аԥсуа иҵас, иқьабз, икультура, ахәыҷқәа ирыларааӡалоит, ахәыҷқәа иддырбалоит, агьама ддыркуеит, иара убас, ахымҩаԥгашьа, аиҳабыи аиҵбыи рызныҟәашьа", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Ажәабжьқәа зегьы
0