Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәакәасқьыр: Аԥсны ахадарахьы кандидатс ақәгылара гәаӷьыуацәаны иҟалароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Квеквескири
Ахра Квеквескири - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра ахадарахьы кандидатс аҟаларазы ҳаамҭазы иҟоу аҭагылазаашьа иазкны игәаанагара арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара V ааԥхьара адепутат Ахра Кәакәасқьыр.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Кәакәасқьыр Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа ирызкны

"Иахьа имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа, уаанӡатәиқәа реиԥш, акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара апроцессқәа, урҭ егьа ирацәазаргьы, ҳзакәанқәа инарықәыршәаны имҩаԥысуеит. Ахаҭабзиара азҵаара ҳазааҭгылозар, ауаа зегьы ргәаанагара еиԥшӡам. Зегьы ргәы иақәшәо иҟалартә еиԥш - уи аҩыза азакәан узыҟаҵом. Аха акандидатцәа рыҩаӡара иаҳа иҳаракызарц аԥынгылақәа ыҟазароуп, ақәгылара гәаӷьыуацәазарц азы. Иахьазы ашәага-зага лаҟәуп ҳәа агәаанагара рымоуп ауаа. Ус еиԥш агәаанагара алхрақәа мҩаԥысцыԥхьаӡа иаҳа-иаҳа ишьақәырӷәӷәахо иалагеит", - иҳәеит Кәакәасқьыр.

Шәазыӡырҩы аудио . Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0