Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба "Кавказ" Аԥснытәи аконцертқәа рзы: иҭацәу ҭыԥк аныҟамгьы убап

© Sputnik / Томас ТхайцукОмар Ҭарба
Омар Ҭарба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кандид Ҭарба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" адирктор, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Омар Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны аҩнуҵҟа аԥхынтәи аамҭазы ансамбль аконцертқәа ртәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҭарба "Кавказ" аконцертқәа ирызкны

"Ансамбльқәа еиҿызкаауа аҷкәынцәа ауааԥсыра адрыԥхьаларц еиуеиԥшым аӡыргарақәа еиҿыркаауеит. Амшын аԥшаҳәаҿы иху аӷба аҟынтә аԥсшьаҩцәа ираҳҭоит адырра. Аккордеони адаули ырхәмарны аконцерт ахь ааԥхьара рырҭоит. Аԥхын аконцертқәа зеиҿаҳкаауа еиҳарак ҳтәыла ԥсшьара ҳәа иаҭаауа ауаа рзоуп. Аԥхын аамҭа иалагӡаны жәаҩа концерт мҩаԥаҳгахьеит еиуеиԥшым асценақәа рҿы. Ауаа бзиан инеиуеит, аҭыԥқәа аныҟамлогьы убап. Аконцерттә залқәа зегьынџьара еиԥшым, аҽазыҟаҵарақәа раан асцена гәаҳҭоит, шаҟаҩы акуа еилаҳқаауеит, нас ауп аконцерттә программа аԥсахрақәа аналаҳгало", – ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭарба.         

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0