Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Жьиба апроект "Ахьӡ архынҳәразы": акурсантцәа иага аҵх ганы иааргьы, ҳааԥсеит ҳәа рҳәом

© Sputnik / Томас ТхайцукАлхас Жьиба
Алхас Жьиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшдҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа аиҳабы Алхас Жьиба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит акурсантцәа апроект иага џьабаа адырбалозаргьы, русура шаанырмыжьуа.
Жьиба апроект "Ахьӡ архынҳәразы": акурсантцәа иага аҵх ганы иааргьы, ҳааԥсеит ҳәа рҳәом

"Аиҳабыра адҵа ҳарҭеит, ҳақәшәеит шьҭа ҳәа акәым акурсантцәа ари аус ишазыҟоу. Дара еилыркаауеит уи аҵак ду шамоу. Иахьа иҳааӡо, анаҩс иааиуагьы уи рҽазыркуеит, аҿар рҭоурых ахь ирымоуп аинтерес. Ари аус аанкылатәым. Ари ҳара ҳҭоурых ауп, ҳабдуцәа рҭоурых ауп. Урҭ рыбзоурала иҳамоуп анхаразы алшара. Иҟан ҳаибашьрагьы, усҟангьы хабарада ибжьаӡыз рацәаҩуп. Ари апроект иацҵәатәуп. Акурсантцәа аҵх ганы ианыхынҳәуагьы ыҟоуп, аха ҳааԥсеит ҳәа аӡәгьы иҳәаӡом, аамҭа анрымоу урҭ ашәҟәқәа ирыдтәалоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Жьиба.

Апроект "Ахьӡ архынҳәра" Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан хабарда ибжьаӡыз аибашьцәа ирлахьынҵахаз аилкаара, ашьақәыргылара иазкуп. Апроект напхгара аиҭоит Григори Скворцов, ацхыраара ирҭоит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу Аҟәатәи иреиҳаӡоу азеиԥшдҵаҟаҵаратә ҵараиурҭа акурсантцәа. Апроект Аԥсны аус ауеижьҭеи хышықәса ҵуеит.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0