Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәын Чхәарҭалтәи ахәыҷтәы лагер азы: ахәыҷқәа рлеишәа гәцаракны иҳамоуп

© SputnikКадыр Аргун
Кадыр Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Чхәарҭал еиҿкаау ахәыҷҭәы лагер шымҩаԥысуа, насгьы уи иалахәылацәа рзы еиҿкаау аусмҩаԥгатәқәа ртәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын.
Аргәын Чхәарҭалтәи алагер азы: ахәыҷқәа рлеишәа гәцаракны иҳамоуп

"Ахәыҷтәы лагер еиҿкаан ԥшьышықәса раԥхьа. Сынтәа раԥхьаӡа акәны атәылахьчара аминистрра аҟнытә аруаа ахәыҷқәа абџьар ахархәашьа ддырбеит, ихысызгьы ыҟоуп. Уажәазы 30-ҩык ахәыҷқәа ҳамоуп, еиуеиԥшым араионқәа рҟнытә. Дара ашьыжь асааҭ быжьба рзы игылоит, рҽазыҟарҵоит, шьыжьхьа рфоит, анаҩс еиҭа аҽазыҟаҵарақәа рымоуп. Иахьа арыцқьара иамшуп, ахәычқәа рымаҭәа рыӡәӡәеит, рыцәарҭатә ҭыԥқәа еилдыргеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор иажәақәа рыла алагер аҿы еиҳарак ахәыҷқәа рлеишәа иацклаԥшуеит.

"Ҳанааи амш инаркны ҩыџьа еиҳабыс иалхуп, урҭ рыҩныҵҟа хәҩык фҩык дара ирыцхраауеит. Ҳара ҳҽазаҳшәоит ахәыҷқәа ҳажәа иқәныҟәаларц, рлеишәа еиҿкаазарц, анаҩс аҩнаҭаҿы рани раби ирзыӡырҩларц", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0