https://sputnik-abkhazia.info/20260818/1065049196.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иахьатәи аамҭаз Аҟәа иахьаҵанакуа 80% афымцамчԥхьаӡагақәа ықәҳаргылахьеит ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" акоммерциатә ҭаҩра автоматикатә... 18.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-18T13:30+0300
2026-08-18T13:30+0300
2026-08-18T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/12/1065049030_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_cd207aa14822a2fd4221804da41a1168.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Иахьатәи аамҭаз Аҟәа иахьаҵанакуа 80% афымцамчԥхьаӡагақәа ықәҳаргылахьеит ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" акоммерциатә ҭаҩра автоматикатә система аусбарҭа аиҳабы Даур Ԥиԥиа. Иара иажәақәа рыла, ашықәс иалагӡан иазгәаҭоуп Аԥсны араионқәа зегьы иахьрыҵанакуа 60 нызқь цыра афымцамчԥхьаӡагақәа рықәыргылара. Иахьазы, аспециалистцәа Аҟәа адагьы, аусурақәа мҩаԥыргоит Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы. Ԥиԥиа иазгәеиҭеит, Аԥсныҟа Ҭаҭарсҭанынтәи амаруга ҿыцқәа шырзааргаз. Уи адагьы, ҭаҭарсҭантәи аспециалистцәагьы аусурақәа ишрылахәу.
Шәача - Аҟәа ирыбжьоу аӷба "Комета" ҩ-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа мҩаннагахьеит лаҵара 15 раахыс.Шәачантәи Аҟәаҟа иаанагеит — 1 064- ҩык, Аҟәантәи Шәачаҟа — 810-ҩык. Зынӡа аӷба 21 реис мҩаԥнагеит ҳәа иҳәеит "Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара" акоммерциатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Адамыр Габуниа.Ҵыԥх "Комета" хә-реиск мҩаԥнагеит, усҟан 910-ҩык мҩаннагеит. Габуниа иҳәеит сынтәа аныҟәара заа, хымз раԥхьа ишалагаз. Иара убасгьы нанҳәа 10 инаркны ареисқәа рхыԥхьаӡара мчыбжьык ахь хԥа рҟынӡа ихалеит."Комета" цәыббрамза нҵәаанӡа иныҟәалоит, амш иалнаршар, ареисқәа жьҭаарамзазгьы ирыцҵахоит.
Ателеканал "Гал-Медиа" аредакциа уадақәак блит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит араионтә телехәаԥшра аиҳабы Ҭеиа Аршԥҳа."Амца иаалырҟьаны ихәыҵҟьеит, уи аамҭазы афымцатә система ахьанҭара ӷәӷәа ҳәа акгьы ақәӡамызт. Аҷкәынцәа аҭыхрақәа рахьынтә ихынҳәын, ҳколлега ибжьы аниҵон. Убри аамҭазы амцакра ҟалеит", — лҳәеит лара. Амца ахы акит ԥшьбаны еихагылоу ахыбра аҩбатәи аихагылаҿы. Иблит х- уадак: ажәабжь хадақәа ахьҭыҵуаз астудиа, аибыҭарҭа, абжьынҵарҭа.
Гал араион ахадара ателеканал "Гал-Медиа" амцакра иахҟьаны иаиуз аԥхасҭа ханарҭәаауеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Константин Ԥлиа. "Уажәы аԥхасҭа ахәшьара арҭоит. Амаругақәа блит, аредакциа даҽаџьара ииаагоит, "Гал-Медиа" аусура аанаҳамкыларц азы. Ари ареитинг змоу телехәаԥшроуп, аколлектив бзиоуп, аусурагьы шьахәны ишьақәыргылоуп. Уажәы аԥарақәа ахьаагаша ҳрызхәыцроуп, аԥхасҭа ҳарҭәаатәуп", — азгәеиҭеит иара.
Иахьатәи аамҭаз Аҟәа иахьаҵанакуа 80% афымцамчԥхьаӡагақәа ықәҳаргылахьеит ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" акоммерциатә ҭаҩра автоматикатә система аусбарҭа аиҳабы Даур Ԥиԥиа. Иара иажәақәа рыла, ашықәс иалагӡан иазгәаҭоуп Аԥсны араионқәа зегьы иахьрыҵанакуа 60 нызқь цыра афымцамчԥхьаӡагақәа рықәыргылара. Иахьазы, аспециалистцәа Аҟәа адагьы, аусурақәа мҩаԥыргоит Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы. Ԥиԥиа иазгәеиҭеит, Аԥсныҟа Ҭаҭарсҭанынтәи амаруга ҿыцқәа шырзааргаз. Уи адагьы, ҭаҭарсҭантәи аспециалистцәагьы аусурақәа ишрылахәу. Шәача - Аҟәа ирыбжьоу аӷба "Комета" ҩ-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа мҩаннагахьеит лаҵара 15 раахыс.Шәачантәи Аҟәаҟа иаанагеит — 1 064- ҩык, Аҟәантәи Шәачаҟа — 810-ҩык. Зынӡа аӷба 21 реис мҩаԥнагеит ҳәа иҳәеит "Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара" акоммерциатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Адамыр Габуниа.Ҵыԥх "Комета" хә-реиск мҩаԥнагеит, усҟан 910-ҩык мҩаннагеит. Габуниа иҳәеит сынтәа аныҟәара заа, хымз раԥхьа ишалагаз. Иара убасгьы нанҳәа 10 инаркны ареисқәа рхыԥхьаӡара мчыбжьык ахь хԥа рҟынӡа ихалеит."Комета" цәыббрамза нҵәаанӡа иныҟәалоит, амш иалнаршар, ареисқәа жьҭаарамзазгьы ирыцҵахоит. Ателеканал "Гал-Медиа" аредакциа уадақәак блит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит араионтә телехәаԥшра аиҳабы Ҭеиа Аршԥҳа."Амца иаалырҟьаны ихәыҵҟьеит, уи аамҭазы афымцатә система ахьанҭара ӷәӷәа ҳәа акгьы ақәӡамызт. Аҷкәынцәа аҭыхрақәа рахьынтә ихынҳәын, ҳколлега ибжьы аниҵон. Убри аамҭазы амцакра ҟалеит", — лҳәеит лара. Амца ахы акит ԥшьбаны еихагылоу ахыбра аҩбатәи аихагылаҿы. Иблит х- уадак: ажәабжь хадақәа ахьҭыҵуаз астудиа, аибыҭарҭа, абжьынҵарҭа. Гал араион ахадара ателеканал "Гал-Медиа" амцакра иахҟьаны иаиуз аԥхасҭа ханарҭәаауеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Константин Ԥлиа. "Уажәы аԥхасҭа ахәшьара арҭоит. Амаругақәа блит, аредакциа даҽаџьара ииаагоит, "Гал-Медиа" аусура аанаҳамкыларц азы. Ари ареитинг змоу телехәаԥшроуп, аколлектив бзиоуп, аусурагьы шьахәны ишьақәыргылоуп. Уажәы аԥарақәа ахьаагаша ҳрызхәыцроуп, аԥхасҭа ҳарҭәаатәуп", — азгәеиҭеит иара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/12/1065049030_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_f4cda546ad3b24986b07f976eabe3310.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио