Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба Гагратәи агәашьа ҿыц иазкны: ицәажәартә еиԥш аҟаҵара ҳагәҭакын

© Sputnik / Томас ТхайцукГеннадий Цвижба
Геннадий Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Гагратәи агәашьа - архитектуратә баҟа ҿыц ҵакыс иамоу атәы.
Ҵәыџьба Гагратәи агәашьақәа рзы: архитектуратә баҟа ицәажәартә еиԥш аҟаҵара ҳагәҭакын

"Амшын аԥшаҳәа ауаа ахьныҟәоу 2500 метра инарзынаԥшуа ахаҳә ықәҵоуп. 550 метра рҟынӡа амаакырақәа ԥсахуп, абетон ықәырҭәоуп афымцалашарбагақәагьы ҿыц еиҭаҟаҵоуп. Архитектуратә баҟа шьаҭас иамоу 11 шьаҟа, адәахьтәи ахаргьежь аҿы ф-шьаҟак ыҟоуп. Дара асимволра рызнауеит: ақәҿиара, аидгылара, анасыԥ, аҳәоуеиқәшәара, аамсҭашәара. Аҩныҵҟатәи хә-шьаҟак -хәцәаныррак ирсымволны иҟоуп: агьама, алаԥықәшәа. Иааизакны 11 шьаҟа асокралтә ҵакы змоу, амра жәеизашықәсатәи аикәшара, уи адгьыл анырра ӷәӷәа шнаҭо атәы иадыргоуп. Апроект ҵакык аҭаны ицәажәартә иҟаҳҵар ҳҭахын. Ҳақалақь иаҭаауа аԥсшьаҩцәа зҭаауа ҭыԥны иҟалап ҳәа ҳгәыӷуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҵәыџьба.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0