Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мықәба еиҭеиҳәеит аԥхынтәи акурорттә аамҭа зеиԥшраз

© Foto / предоставлено Адамуром МукбаАдамыр Мықәба
Адамыр Мықәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистрра акурорттә усхк анализи азԥхьагәаҭареи рыҟәша аиҳабы Адамыр Мықәба арадио Sputnik аефир аҟны аԥхынтәи акурорттә аамҭа хәшьарас иарҭо атәы иҳәеит.

 

Мықәба еиҭеиҳәеит аԥхынтәи акурорттә аамҭа зеиԥшраз

"Аус ишаҳнарбо ала, хымԥада, аамҭа бзиан ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Ихадоу аекскурсиатә обиектқәа ҳәа иаҳԥхьаӡо Риҵатәи амилаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи ирҭааз рхыԥхьаӡара сынтәа иацымлазар, иагымхеит. Асасааирҭақәа ртәы ҳҳәозар, аҭагылазаашьа џьара-џьара аҽаԥсахит, иҟоуп иахьеиӷьхаз. Уи хацклаԥшуеит, уажәы иааиуа амзазы 60% инацны асасцәа ҳарзыԥшуп ҳәа асасааирҭақәа рҟынтә адырра ҳамоуп. Аԥсшьара аамҭа ибзианы имҩасуеит. Амала зегьы еицгәарҭо ҭагылазаашьак ыҟоуп, атуристцәа асасааирҭақәа рҟны аҭыԥқәа ааныркылоит, ахә ршәоит, аха иахьындәылҵуа ақьафурҭақәа рхашәала иаҳа имаҷуп. Иҟалап иахьынтәиаауа Урыстәыла рҭагылазаашьа иадҳәалазар", - ҳәа азгәеиҭеит Мықәба.

 

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0