Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьниаԥҳа амаестро Спиваков изы: насыԥ дуны исыԥхьаӡоит сценак сахьицықәгылаз

© Sputnik / Томас ТхайцукЕсма Џьниаԥҳа
Есма Џьниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Амилаҭтә филармониатә оркестр, Аҳәынҭқаррратә камертә оркестр "Виртуозы Москвы" асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор хада Владимир Спиваков диижьҭеи 75 шықәса ҵит. Уи иконцерт Аԥсны имҩаԥызгахьоу амузыкаҭҵааҩы Есма Џьниаԥҳа арадио Sputnik аҟны уи лгәалалыршәеит.
Џьниаԥҳа амаестро Спиваков изы: насыԥ дуны исыԥхьаӡоит сценак сахьицықәгылаз

"Спиваков изныкымкәа даахьеит Аԥсныҟа, аха сара даара насыԥ дуны исыԥхьаӡоит 2011 шықәсазы сценак аҟны ҳаицықәгыларазы алшара ахьсоуз. Уи Хьыбла Гьерзмааԥҳа лааԥхьара иабзоуроуп, еиҿылкаауа афестиваль 10 шықәса ахыҵразы Спиваков иоркестри Хьыблеи Алиса Гыцԥҳаи концертк аҿы еицықәгылон, саргьы амҩаԥгаҩ лаҳасабала уи аконцерт салахәын. Усҟан ауп Владимир Спиваков лабҿаба данызбаз. Иџьашьаны игәасҭеит иҟазшьа, аинтеллигент дуӡӡа ҳәа зарҳәо, ибжьы мырдукәа, илақәа хааӡа дуацәажәоит", - лҳәеит Џьниаԥҳа.

Лара илгәалалыршәеит Спиваков Аԥсны аконцерт анымҩаԥигоз апрограмма маҷӡак аиҭакра иадҳәалаз хҭыск.

"Сара схаҿы иаанхаз хҭыск шәзеиҭасҳәар сҭахуп. Аконцерт далахәын Алиса Гыцԥҳа, ҩашәак ракәу хашәак лҳәар лҭахын. Апрограмма заанаҵы Спиваков еиҿкааны иҟаиҵахьан, аха Алиса Гыцԥҳа илыԥсахыр лҭахын, аԥхьа ицоз ашәа аҵыхәтәаны илҳәарц. Убри хәыҷык дазхыцит иалҳәару иалымҳәару ҳәа. Нас Спиваков адунеи зегь аҟны еицырдыруа амузыкант дуӡӡа иҵалҳәар ҟало иҟамло, лхы иаҭәалшьару ҳәа дхәыцуан. Аха нас дидгылан иалҳәеит. Иара уи зынӡа уадаҩраны дамыхәаԥшит, ишыбҭаху иҟаҳҵоит ҳәа леиҳәеит. Сгәаанагарала, уи акраҵанакуеит, иҟазшьа аҷыдара аанарԥшуеит", -  лҳәеит Џьниаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0