Очамчыра араион аҵараҟәша аиҳабы Феликс Џьынџьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақалақь аҿы аҩбатәи абжьаратә школ аҟны аҵара анхацыркхо.
Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭҭә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Анапа имҩаԥысуа Абиблиотека аусзуҩцәа Жәларбжьаратәи рконференциаҟны излацәажәуа азҵаарақәа ртәы.
Аҵарауаҩ-афизик, аԥсадгьыл ахьчараан данҭаха ашьҭахь Леон иорден занашьаз Адгәыр Иналиԥа арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит ибзианы дыздыруаз апублицист, аҵарауаҩ Владимир Занҭариа.
Афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит адгьылқәаарыхра иадҳәалоу аныҳәақәа ируаку "Аамҭахә" шымҩаԥыргоз.