Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мықәба еиҭеиҳәеит Аԥсны зыԥсшьараамҭа зхызгаз рхыԥхьаӡара шеилыркаауа

© Sputnik / Алексей СтефановАдамыр Мықәба
Адамыр Мықәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистрра акурорттә усхк анализи азԥхьагәаҭареи рыҟәша аиҳабы Адамыр Мықәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны зыԥсшьараамҭа зхызгаз рхыԥхьаӡара шеилыркаауа
Мықәба еиҭеиҳәеит Аԥсны зыԥсшьараамҭа зхызгаз рхыԥхьаӡара шеилыркаауа

"Ари аамҭазы 250 нызқьҩык инарзынаԥшуа ҳтәыла асасцәа Аԥсны аԥсшьарҭатә ҭыԥқәеи ахатә нхарҭатә ҭыԥқәеи рҿы рыԥсы ршьеит ҳәа адырра ҳамоуп. Ас еиԥш арбагақәа рышьақәыргыларазы ҳара есымза аԥсшьарҭатә ҩнқәа рҟынтә аҳасабырба ҳзаауеит. Убра иарбоуп ахыԥхьаӡарақәа зегьы. Уи адагьы араион аҳазалхратә усбарҭақәа рҟынтә аинформациа ҳауеит ахатә анхарҭатә ҭыԥқәа рҿы заҟаҩы рыԥсы ршьаз. Абасала еидаҳкылоит астатистика", - ҳәа азгәеиҭеит Мықәба.

Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистрра акурорттә усхк анализи азԥхьагәаҭареи рыҟәша аиҳабы иажәақәа рыла, ҳтәылаҿы макьана аԥсшьараамҭа ахыркәшарахь имнеицт.

"Аԥсшьара асезон ахыркәшарахь инеит ҳәа ҳазҳәом, макьана иаауа ауааԥсыра маҷӡам. Амашьынақәа рхыԥхьаӡара маҷхазаргьы, уеизгьы аҳәаа иахыҵуа ыҟоуп. Жьҭаарамза азбжанӡа ауааԥсыра рыԥсы ршьаратәы аҭагылазаашьа ыҟоуп", - ҳәа иҳәеит Мықәба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0