Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ӡиӡариа аветеран Муҳамед Ҟәышхов изы: Аԥсны згәы азыбылуаз хаҵа наган

© Sputnik / Томас ТхайцукТимур Дзидзария
Тимур Дзидзария  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу Ҭемыр Ӡиӡариа арадио Sputnik аефир аҟны дихцәажәеит Аиааира Ахьԥшымреи рымшныҳәа аҽны Аҟәа зыԥсҭазаара иалҵыз, хатәгәаԥхарала аԥсуа жәлар рыхьчаразы Ҟабардантәи еибашьра иааз Муҳамед Ҟәышхов.
Ӡиӡариа аветеран Муҳамед Ҟәышхов изы: Аԥсны згәы азыбылуаз хаҵа наган

"Муҳамед Ҟәышхов Аԥсны аибашьра ианалага адырҩаҽны хатәгәаԥхарала Сулҭан Сосналиев ицны иааз агәыԥ далан. Аԥсны дшыҟаз иҷкәын Аҳмед Ҟәышховгьы хазы еибашьра дааит. Аби аԥеи еибашьуан Аԥсны ахақәиҭразы. Хымчыбжьа раԥхьа Муҳамед Ҟәышхов 80 шықәса ихыҵит. Иара изныкымкәа аибашьра ашьҭахь Аԥсныҟа даахьан, дыздыруаз иидыруаз рацәаҩын. Иԥсҭазаара далҵит ҳәа анраҳа аҷқәынцәа рацәаҩны ахәышәтәырҭаҟны (Аҟәа-аред.) еизеит. Нальчикҟа данааҳгоз Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, аԥыза –министр Валери Бганба, аминистрцәа хаҭала инеины хаҭала иҷкәын идышшылеит. Аибашьра ашьҭахь иааигәаны ҳаибадырит Ҟәышхов Аҳмед иԥеи сареи, анаҩс иаргьы дыздырит. Уаҳа наҭахымкәа ахаҵа замана иакәын, Аԥсны азы згәы былуаз, ҳанеиқәшәоз еснагь  азҵаарақәа сиҭон ишԥаҟоу Аԥсны, ажәлар ргәы иҭоуи ҳәа. Аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаагон иахьа. "Игәы есымша Аԥсны иҟан. Абас исимволны иҟалеит аҷкәынцәа анышә иахьамадоу дхырхәарц дахьнеиз, иԥсҭазаара далҵит. Игәы Аԥсны иҟан, Аԥсны инижьит", абас ҳаиҳәеит иҷкәын Аҳмед", - иҳәеит Ӡиӡариа.

Аиааиреи Ахьԥшымреи 26 шықәса рхыҵра аҽны Аҟәа зыԥсҭазаара иалҵыз, хатәгәаԥхарала Ҟабардантәи Аԥсны жәлар рыхьчара иааз Муҳамед Ҟәышхов аибашьраан илшамҭақәа рзы Леон иорден ианашьан.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0