Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Борис Амҷба амузыкант, адирижиор Лев Џьергениа изы: дҟаза дуун

© Foto / из личного архива Бориса Амичба Борис Амичба
Борис Амичба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рартист, аоператә шәаҳәаҩы Борис Амҷба арадио Sputnik аҟны дигәалаиршәеит аԥсуа музыкатә ҟазара арҿиараҟны зџьабаа рацәоу, Аԥсны аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр еиҿызкааз Лев Џьергьениа.
Еицырдыруа ахьыӡқәа: Амҷба адирижиор Лев Џьергьениа изкны

Аԥсуа музыкатә культура зҟазарыла изырбеиаз, раԥхьаӡа акәны аҳәынҭқарратә асимфониатә оркестр аԥҵара зылшаз, Аԥсны Жәлар рартист Лев  Џьергьениа диижьҭеи 90 шықәса ҵит.  

"Лев Григори-иԥа дмузыкант дуун. Сара Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа санҭаз аҵараҟәша деиҳабын, иара Аԥсны асимфониатә оркестр аиҿкаара  дашьҭан, илиршеит уи. Лев Григори-иԥа уи адагьы аскрипка аирҳәон, адунеи аҟны иреиӷьу ҳәа иԥхьаӡоу Страдивари искрипкақәа иреиуоу иман. Иареи сареи иазаҳаӡбеит Шведов иопера "Аламыс" ықәҳаргыларц. Аопера еихышәшәо иҟаҵаны, абри иҭоурыхтә ҳҭысхоит ҳәа азгәаҭаны - 1984 шықәсазы ҩ-спектакльк Аԥсуа драматә театр асценаҟны иқәҳаргылеит, аиашазы саргьы аџьабаа адызбалеит. Урыстәыла ҩба-хԥа қалақь рҟны адирижиор хадас аус иухьан, избан акәзар Лев Григори-иԥа ддирижиор дуун. Аԥсны асимфониатә оркестр анеиҿыикаа, иаԥсаны иҟаз ԥсыуа ҩымҭак ныимыжьит оркестр аҟны иадмырҳәамкәа. Аиашазы, аус ицура маҷк имариамызт, илеишәа џьбаран, амузыка аҟны афальш данышәомызт. Адирижиор ду ииааӡаз иреиуан Анатоли Ҳагба, Виачеслав Аиба", - иҳәеит Џьергьениа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0