Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа: аԥышәа иаҳнарбоит аиҳабыра реилазаара ҿыц ашьақәырӷәӷәара хымз ишадымхало

© Sputnik / Томас ТхайцукГиви Габния
Гиви Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аиурист Гиви Габниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит азакәан инақәыршәаны аиҳабыра ҿыц шышьақәдырӷәӷәо, иара убас игәаанагара иҳәеит иааиуа хәышықәса аус зуа аминистрцәа рыхьӡқәа еилкаахар аналшо азы.
Габниа: аԥышәа иаҳнарбоит аиҳабыра реилазаара ҿыц ашьақәырӷәӷәара хымз ишадымхало

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба официалла имаҵурахьы даннеи ашьҭахь, жьҭаара 10 рзы Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ицеит.

"Азакәан инақәыршәаны хымз рыҩнуҵҟала ишьақәырӷәӷәахароуп аминистрцәа реилазаара ҿыц. Уаанӡа анапынҵақәа нарыгӡалоит аиҳабыра реилазаара ажәытә иалаз. Зегь раԥхьа иргыланы аҳәынҭқарра ахада днеигароуп аԥыза-министрс ишьҭихуа ауаҩы. Уи атәыла ахада идигалар илшоит егьырҭ аминистрцәа реилазаара алахәылацәа ркандидатурақәа, аха аҵыхәтәантәи акәаԥ зыргыло аҳәынҭқарра ахада иоуп", -  иҳәеит Габниа.

Аминистрцәа реилазаара алахәцәа рыбжьара зусура алҵшәа амаз аԥхьаҟагьы амаҵура ҭыԥ ааныркылоит ҳәа агәаанагара имоуп Габниа.

"Ажәлар зганахь азҵаарақәа рымаз логикала даанырымкылар ҟалап ҳәа ус агәаанагара сымоуп. Аихьӡарақәа змоу еиҳау иҿыцу алҵшәақәа аадырԥшыр ҟалоит ҳәа иаанрыжьуеит, иара адунеи аҟны ус ауп ишыҟоу. Хымԥада, арҭқәа зегьы атәыла ахада ихәыцроуп, уи иара изин ауп. Сгәаанагарала ԥыҭҩык уеизгьы иаанхоит. Ажәакала аминистрцәа реилазаара ашьақәырӷәӷәара хымз аамҭа аҭаххарым, ҳԥышәа излаҳнарбо ала усҟак аамҭа аҭахӡам", - ҳәа азгәеиҭеит Габниа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0