Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Латариа: зықәрахь инеихьоу рыла ишамбо ала ашәҟәқәа ҟарҵом, ԥшьышә мааҭ роуп ироуа

© Sputnik / Томас ТхайцукДаур Латария
Даур Латария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алаба шкәакәа амш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы зыбла иамбо рзы ҳтәылаҿы иаԥҵоу аҭагылазаашьеи ирымоу алшарақәеи ртәы иҳәеит ауаажәларратә еилазаара ахеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Даур Латариа.
Латариа: зықәрахь инеихьоу рыла ишамбо ала ашәҟәқәа ҟарҵом, ԥшьышә мааҭ роуп ироуа

"Ҳаилазаара аибашьра ҟалаанӡагьы аус ауан, анаҩс хыбрада ҳаанхеит. Уажәы қьырала Аҟәа, Аҳабла ҿыц аҿы, ауада ҳамоуп. Аԥсны инхо зыла иамбо зегьы излаҳалшо ала ацхыраа раҳтоит. Ҳара ашәҟәы иҭагаланы иҳамоуп 500-ҩык рҟынӡа зыла иамбо ауааԥсыра. Ирымоу ауадаҩрақәа ртәы ҳдыруеит, аха Аԥсны ус еиԥш иҟоу ауаа иҵеигьы еиҳауп, избанзар, асиа анеидаҳкылоз Гали Очамчыреи рраионқәа рҟынтәи аинформациа ҳмоуит. Зықәрахь инеихьоу ауаа рыла ишамбо ала ашәҟәқәа ҟарҵаӡом, избанзар, уи азы ироуа аԥара маҷуп: актәи агәыԥ зыла иамбо ԥшьышә мааҭ роуп ироуа. Алшара змоу Урыстәыла иҟарҵоит, анаҩс уа ироуа ала рхы ныҟәыргоит", - иҳәеит Латариа.       

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0