Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Логәуа: "Ҭагалан аԥшшәхәқәа" проект бзианы иҟалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНугзар Логәуа
Нугзар Логәуа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟазара аҟәша аиҳабы, асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арт-пленер "Ҭагалан аԥшшәхәқәа" шхацыркхаз атәы.

VI Жәларбжьаратәи арт-пленер "Ҭагалан аԥшшәхәқәа. Аԥсны-2019" аатит Аҟәа жьҭаара 17 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.

Уи иалахәуп 20-ҩык рҟынӡа апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа Урыстәылеи Израили рҟынтәи, иара убас, ААУ аҟазара аҟәшеи Аҟәатәи асахьаҭыхратә школи рҵаҩцәеи рырҵаҩцәеи.

Логәуа: "Ҭагалан аԥшшәхәқәа"- проект бзианы иҟалеит

"Арт-пленер хацыркын 2013 шықәса рзы ААУ аҟны, аҟазара аҟәшаҿы аус зуа арҵаҩцәа, асахьаҭыхыҩцәа рыбзоурала. Иара ипроект бзианы иҟалеит, избанзар, изызку аҵара зҵо аҿарацәа наҟ-наҟ аҵара амҩа иқәгыло роуп. Арахь иааҳаԥхьо асахьаҭыхыҩцәа уажәшьҭа ихатәроу, арҵаҩра знапы алаку, еиуеиԥшым Урыстәыла ақалақьқәеи арегионқәеи рҟынтәи аҵараиурҭақәа рҿы аус зухьоу апрофессорцәа, арҵаҩцәа роуп, иара убас зхы иақәиҭны, асахьаҭыхратә еилазаарақәа ирылахәу. Арт-пленер Аԥсны апропагандазы ихәарҭоу акәны иҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.   

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0