Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гамсаниа Гәдоуҭа 2020 шықәсазтәи абиуџьет азы: ианынаҳмыгӡа, ауалафахәы иагхоит

© Foto / предоставлено Романом ГамисонияРоман Гамисония
Роман Гамисония - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион ахадара афинанасқәа рыҟәша аиҳабы Роман Гамсаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит 2020-тәи ашықәса азы араионтә биуџьет апроект атәы.
Гамсаниа Гәдоуҭа араион 2020 шықәсазтәи абиуцьеҭ азы: ианынаҳмыгӡа, изыгхо ауалафахәоуп

"Апроект аҿы 411 миллион мааҭ ахашәала арбоуп, ҵыԥхтәи иареи еиҿурԥшуазар, 10 миллионк мааҭ рыла еиҳауп. Абиуџьет, хымԥада, инаҳагӡароуп, мап анакәха уи зныԥшуа ауаа руалафахәы ауп. 275 миллион уаантәи араион ахашәала ауп, ҳуааԥсыра иршәо ашәахтәқәеи, араион аҿы иҟоу анаплакқәеи рлагала. Еизаҳгоу ашәахтәқәеи ауааԥсыреи ирзаҳшәо ауалафахәы иааизакны еиҟарам. Иахьатәи амш азы зықьҩык рҟынӡа араион аҿы ауалафахәы роуеит, зегьы ааицуҵар 176 миллион мааҭ шықәсык ауалафахәы ицоит. Аҵарадырра ахырхарҭаҿы ирацәаҩны аус руеит, агәабзиарахьчара аганахьала ауааԥсыра ауалафахәы ҳасабала 64 миллион мааҭ рзаҳшәоит. Иҟоу аиҟарамра ариашаразы 2020 шықәса рзы ареспубликатә биуџьет аҟнытә 135 миллион маааҭ адотациа ҳасабала иарбоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Гамсаниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0