Абҵара 11-13 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит актәи Жәларбжьаратәи ахортә фестиваль "Шьардаамаҭа". Уи ахықәкы хада атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аӡыргаразы аспециалист хада Арифа Капԥҳа.
Аекономикеи азини ринститут аиҳабы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы "Ирмариоу ашәахтәқәҵаратә система азы" азакәан апроект ахҳәаа азыҟаиҵеит.
Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҟәша аиҳабы Наур Гемуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны еиҭаҳаз ашәырҵлатә баҳҷақәа рлахьынҵа атәы.
Гал араион, Аԥсуа баагәара ду еиԥшу аобект аҿы имҩаԥысуа ажрақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит археолог Шандор Ҟаитан.
Амшын Еиқәа аекологиатә ҭагылазаашьеи, Аԥсны иахьаҵанакуа амшынӡа иахьынӡацқьо атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит афизика-математикатә наукақәа ркандидат, Аԥсны аекологиатә институт аузуҩ Асида Ахсалԥҳа.