Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыџԥҳа Аҟәа имҩаԥысуа аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы: агәаҳәара змоу зегьы ааҳаԥхьоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДана Кәыџԥҳа
Дана Кәыџԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысуа Аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы IX ачемпионат атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ахәмаррақәа реиҿкааҩцәа иреиуоу Дана Кәыџԥҳа.

Абҵара 9-10 рзы Аҟәа имҩаԥысуеит Аинтеллекуталтә хәмаррақәа рзы IX ачемпионат. Уи еиҿыркааит аинтеллектуалтә ҟазара аклуб "Диуна" иалоу ҳәа адырра ҟалҵеит Дана Кәыџԥҳа.

Кәыџԥҳа Аҟәа имҩаԥысуа аинтеллектуалтә хәмаррақәа рзы: агәаҳәара змоу зегьы ааҳаԥхьоит

"Ачемпионат апрограммаҟны иаарԥшуп "Что? Где? Когда?", "Брейн-ринг", "Своя игра" реиԥш иҟоу ахәмаррақәа. Аԥхьатәи аҩхәмаррак рҟны еицлабуеит гәыԥ-гәыԥла. Урҭ агәыԥкәа ирылахәу рхыԥхьаӡара хҩык иреиҵамкәа фҩык иреиҳамкәа иҟоуп.

Ахәмаррақәа мҩаԥигоит еицырдыруа адырҩы, "Аҵәцаштә ты" ("Хрустальная сова" - аред.) ҩынтә изанаршьахьоу Михаил Скипски. Аицлабрақәа мҩаԥысуеит Амилаҭтә библиотека ахыбраҟны асааҭ 10 инаркны 16-нӡа. Азҵаарақәа иҩуеит Ереван инхо аинтеллектуалтә хәмаррақәа ирылахәу Павел Солахиан, урҭ ҳаиҭоит ахәмарра алагаанӡа сааҭк шыбжьоу", - лҳәеит Кәыџԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0