Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габуниа агәаҭара-кассатә аппаратқәа раларцәаразы: ҳтәылаҿы еикәшо аԥара цәырнагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГьаргь Габуниа
Гьаргь Габуниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атауарқәа рыҭираҿы агәаҭара-кассатә аппаратқәа рхархәаразы ақәҵара апроект адкылара хықәкыс иамоу атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Гьаргь Габуниа.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Габуниа агәаҭара-кассатә аппаратқәа ирызкны

"Агәаҭара-кассатә аппаратқәа анаплакҩы ахәаахәҭра данаҿу илиҩаауа ачек иаразнак ала Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асервер аҟны онлаин режимла иубарҭахоит. Иахьа имаҷуп аинтернет ахьыҟам аҭыԥқәа, убри аҟнытә ари уадаҩра цәырнагап ҳәа ҳаҟам, афымцалашара акәзар, сааҭқәак лашарада уи аус ауртә еиԥш азхара афымцатә еиҵаҵа амоуп. Агәаҭара-кассатә аппаратқәа рықәыргылара, иара иааизакны асистема зегьы аусура, иаҳнаҭоит алшара ҳтәылаҿы еикәшо аԥара ацәыргара, уи ашәҟәы аҭагалара. Усҟан аҳәынҭқарра иалагалахо ашәахтәқәагьы иаҳа ирацәахап ҳәа агәаанагара ҳамоуп, ус еиԥш агәыӷрақәагьы адаҳҳәалоит", - ҳәа азгәеиҭеит Габуниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0