Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит Гал араион анапхгаҩ ҿыц иусура дызлалаго атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукСариа Кәарцхьиаԥҳа
Сариа Кәарцхьиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа арадио аефир аҟны еиҭалҳәеит Гал араион ахада ҿыц аколлектив дшыддырдырыз, раԥхьа иргыланы иҟаиҵарц игәы иҭоу атәы.

Ԥхынҷкәын 5 рзы Аԥсны ахада аусԥҟа инапы аҵаиҩит Гал араион ахада инапынҵақәа назыгӡоз Ҭемыр Надараиа инапынҵақәа рҟынтәи ихы иақәиҭтәразы. Уи иҭыԥан днаган Омар Бганба. Иахьа ари араион анапхгаҩы инапынҵақәа рынагӡара зыдҵоу аколлектив дыдирдырит Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Барцыц.

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит Гал араион анапхгаҩ ҿыц иусура дызлалаго атәы

"Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Барцыц ицәажәараҟны иазгәеиҭеит хәышықәса ирылагӡаны Гал араион аҿы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны  алҵшәа бзиақәа шаарԥшыз, аԥсҭазаара иаҳа ишеиӷьхаз. 2014 шықәсазы араион абиуџьет 119 миллион мааҭ ыҟазҭгьы, урҭ рҟынтә 20 миллион мацара акәызҭгьы араион иарҳауаз, 2019 шықәса рзы абиуџьет ҩынтә еизҳаит уҳәар алшоит. Иахьазы араион хаҭала иарҳауа аԥара 56 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Арҭқәа зыбзоуроу араион ԥаса напхгара азҭоз имҩаԥигоз аусура, уи аус ицызуаз роуп. Араион ҿыц напхгара азҭо ҳиацәажәеит. Раԥхьа иргыланы араион аҟны ақыҭақәа дрылсыр шиҭаху иҳәеит, ауаа рыбзазашьа ибарц, ирымоу ауадаҩрақәа еиликаарц. Егьыс абри ҟасҵоит, исырҽеиуеит ҳәа хықәкыла даламцәажәаӡеит", - лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0