Қәычбериа Очамчыра Ашықәса ҿыц шазгәарҭо азы: ҳаԥсаӡ ҿыц даара ҳаигәырӷьоит
"Зегь раԥхьа ҳара сынтәа ҳзеигәырӷьо, ақалақь аҿы аԥсаӡ ҿыц ахьҳауз ауп. Иҳазгылаз 15 метра иҟаз ажәхьан, икаԥсон. Сынтәа атәыла ахада ифонд аҟнытә иаҳзоужьын 400 нызқь мааҭ аԥара аԥсаӡ аахәаразы. Иара арҭ амшқәа рзы иаараны иҟоуп, анаҩс аргылара ҳалагоит. Ҳбиуџьеҭ аҟнытә иазоушьҭуп еиҭа 400 нызқь мааҭ ақалақь арԥшӡаразы, араионқәа зегьы шаԥыло еиԥш ҳаргьы ҳҽазыҟаҳҵоит, ус ҳгәы иҭоуп иԥшӡаӡа. Аныҳәа шықәсык ахь знык ауп ианыҟоу, ахәыҷқәа иара даара иазыԥшуп, ирҭахуп зегь ԥшӡаӡа иҟазарц, аныҳәа шыҟоу агәалаҟазаара рнаҭартә еиԥш ҳаргьы ҳҽазаҳшәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәычбериа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.