00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
13:00
30 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
12 мин
Хра злоу ахҭысқәа
On air
13:19
5 мин
Аиҿцәажәара
Ашықәс ҿыц аныҳәа Гагра рышҽазыҟарҵо: акультура аҟәша аусзуҩ лцәажәара
13:24
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Аиҿцәажәара
Дырмит Гәлиа иҩны- амузеи аамҭала иаркхоит: аиҳабы лцәажәара
13:43
4 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
On air
13:47
5 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Актуальный комментарий
On air
14:18
3 мин
On air
14:21
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
On air
14:44
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Габниа "Ҷыҟәрышә" азы: сгәы ҭыӷьӷьаа исҳәоит иҳақәҿиеит ҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукСергей Габния
Сергей Габния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр Ашықәс ҿыцызтәи ақәыргыламҭа "Ҷыҟәрышә" аҿы аҳәынаԥқәа рҳәынҭқар ароль назыгӡо, Аԥсны Жәлар рартист Сергеи Габниа арадио Sputnik аҟны иҳәеит аспектакль ахәыҷқәа ргәы иақәшәо ишыҟаҵо.
Габниа "Ҷыҟәрышә" азы: сгәы ҭыӷьӷьаа исҳәоит иҳақәҿиеит ҳәа

"Сара избахьоу рацәоуп. 1968 шықәса раахыс атеатр аҿы аус зуеит. Аԥсҭазаара ак снарҵеит, аҟазара аганахьала аԥышәагьы соуит. Сгәы ҭыӷьӷьаа абри ақәыргыламҭа ҳақәҿиеит ҳәа сҳәоит. Гәдиса аҟазара ишьа-ида иалоуп, ус акәымзар, ас аспектакль аҟаҵара мариам. Иара цәгьа иԥшӡаны иҟаҵоуп, ахәыҷқәа ргәы иақәшәо иқәыргылоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Габниа.

Аԥсны Жәлар рартист иҳәеит, ақәыргыламҭаҿы аҿар рыцыхәмарра иара изы шәгәахәара дуу.

"Аҿар уанрылагыло уаргьы уҿоушәа ухы убоит, уааԥсарагьы ухашҭуеит. Насгьы ԥхашьарами аҿар урылагыланы уқьуа-уӷызуа, ус ҳаӷоу ибааит. Аҿар реиԥш ухы мҩаԥыугароуп", - ҳәа иҳәеит Габниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0