"Иреиҳаӡоу аӡбарҭа акассациатә аинстанциаҿы ирыдыркылаз ақәҵара сара зындырҩык иаҳасабала сазыразуп, уи адагьы исҳәар сылшоит иара аӡбамҭа ахаҭа закәантәуп ҳәа. Дарбанзаалак азиндырыҩ данаԥхьо еиликаауеит изаку, измааноу, ҵаҵӷәыс иамоу, афактқәа зегьы ҭҵаауа уҿааухар, уи убарҭоуп. Убри аан сара ганк садгыланы, мамзаргьы даҽа ганк садгыланы ҳәа азнеишьа сымаӡам. Иара атәыла ахада иалхрақәа рзы азакәан азеижәтәи ахәҭаҷ ахаҭа акәзар, уи ирацәаны азҵаарақәа цәырнагартә еиԥш иҟаӡам, мамзаргьы иузелымкаартә иҟоуп ҳәа аҳәара ииашам, аха апрактика иаҳнарбеит уи аполитикцәа ишалахәҳаахәҭуа, уи ҟамларцаз, икылыршәаатәуп, аиҭакрақәа алагалатәуп, егьыс иахьагьы уа зегьы еилыхха иануп", - ҳәа иҳәеит Габуниа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Габниа далацәажәоит алхра ҿыцқәа мҩаԥысраны ишыҟоу
-
Ҷаниа Аԥсны иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьазы: ҳашьцылар ҟалоит