Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит ахада Иусбарҭа аҿагыларатә акциа ашьҭахь аусура ишалагаз

© Sputnik / Томас ТхайцукСария Кварацхелия
Сария Кварацхелия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада Иусбарҭа аҿагыларатә акциа ашьҭахь аусура шхацнаркызи аусзуҩцәа рнапы злакызи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит атәыла ахада Иусбарҭа аусзуҩцәа раԥхьатәи русурамш атәы

 

"Раԥхьа атәыла ахада Иусбарҭахь ҳнеит, аусзуҩцәа русура иацырҵатә еиԥш аҭагылазаашьа рымамызт, иҟаз ахҭысқәа рышьҭахь еилыргатәыс ирымоу макьана ирацәоуп. Ҳаҟан Аминистрцәа Реилазаара ахыбраҿгьы, уаҟа иаабаз ала актәи аихагыла ауп ԥырхага зауз, еиҳарак аканцелиариеи апротоколтә еиқәыршәареи аҟәшақәа рҿы иҟаз ашәҟәқәа. Аканцелиариа уадак аҿы аԥенџьырқәа ԥҽын, иара убас иԥҽын иҩнагылаз аҩнымаҭәагьы, аха еиҳарак ашәҟәқәа зегьы еилырхны ишьҭан. Ҳәарада, срыҿцәажәеит аҟәшақәа рҿы аус зуа ауаа, дара исзеиҭарҳәеит уи аамҭазы рнапы злакыз. Урҭ ражәақәа рыла, 2015 шықәса инаркны 2019 шықәсанӡа ирыдыркылаз ақәҵарақәа рдокументқәа зегьы ааха рыҭан, урҭ ацифрахь макьана ииагаӡамызт. Макьана иуадаҩуп аҳәара, шаҟа аамҭа рцәаго урҭ зегьы рҭыԥ рықәҵара. Аусзуҩцәа ражәақәа рыла, иҟоуп зынӡа ирцәыӡыз ашәҟәқәагьы, урҭ шьҭа шьақәыргылашьагьы рымам", - еиҭалҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0