"Уи сара сазхәыцуеижьҭеи акрааҵуеит. Ҩажәа шықәса раԥхьагьы ҳалацәажәон, иҟаҵатәуп ҳәа ҳазхәыцуан. Аха рыцҳарас иҟоу атәылахадарахь амҩа ианықәлоз ҳполитикцәа уи рҳәон, аха уа ианнеилак ҳааԥшып, уажә иаамҭам ҳәа иахыргон. Жәытәнатә аахыс аԥсуаа ажәлар рызҵаара аӡәы ианыиӡбоз иақәыӡбон, ԥыҭҩык ианырыӡбоз уи иаҳа пату ақәын, ас аиҿагылара аҟынӡа инанагомызт. Амчра шатәуп, аха уи ишәаны изаны иҟаҵатәуп. Атәыла ахада иусқәа зегьы Жәлар реизара адепутатцәа ирылаужьыр, ҩажәи жәохәҩык апрезидентцәа иоуеит, убас иҟамлартә еиԥш иҟаҵатәуп. Инаӡоу Аԥсны аԥыза-министр дыҟазароуп, иара аконтроль изыруазароуп Апарламент", - иҳәеит Ашәба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара
-
Аҿар рреволиуциа, мамзаргьы зегьы ирҭахуп агәҭаны аиара