Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аб Никита (Адлеиба) аӡԥшьа иазкны: алԥха уоуеит лакҩакра умамзар

© Sputnik / Томас ТхайцукОтец Никита
Отец Никита  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәыма ақыҭа иҟоу Анцәа иҽеиҭакра ахьӡала иргылоу ауахәама ахылаԥшҩы аиереи Никита (Адлеиба) арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иҳәеит аӡԥшьа хәарҭа аманы иҟаларц азы азнеира шаҭаху.
Аб Никита (Адлеиба) аӡԥшьа иазкны: алԥха уоуеит лакҩакра умамзар

"Аӡаахратәи аӡы Анцәаицәырҵратәи аӡԥшьа ҳәа иашьҭоуп. Ҳазшаз иҿаԥхьа ибзиаӡам, иагьҵасым, лакҩакра уманы уазнеиуазар. Ҳәарада, амчгьы алԥхагьы амоуп, амала агәра угозар. Анцәа игәра зго иоуп дзыхәо. Адинхаҵара уланы, Анцәа ицәшәара уманы аӡы уҭалар, аӡынгьы акгьы ухьуам, ахыбзиара, агәабзиара уоуеит", - ҳәа азгәеиҭеит аб Никита.

Аӡаахра мамзаргьы Анцәа ицәырҵра ҳәа изышьҭоу ақьырсианраҟны аныҳәа Иаса Қьырса Иордан аӡиас аҟны инаҭра иадҳәалоуп. Уи аҽны Анцәа даӡәыкны дааԥшит: Аб Анцәа жәҩан аҟынтәи зыбжьы ааиз, Анцәа иԥа Иордан зыҽӡаазхуаз, Аԥсыцқьа аҳәыҳә ԥшра зманы жәҩан аҟынтәи илбааз.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0