Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шьалашьаа Рои Лагәлаа изы: иџьабаа рацәан аекономистцәа рааӡараҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаур Шалашаа
Заур Шалашаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит аҵарауаҩ, аекономистцәа рааӡраҟны аџьабаа збахьаз Рои Лагәлаа.
Шьалашьаа Рои Лагәлаа изы: иџьабаа рацәан аекономистцәа рааӡараҟны, иуаҩра бзиан

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә теориа акафедра аиҳабы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, Аԥсны иреиҳаӡоу ашкол Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Ахьӡ-аԥша аорден акавалер Рои Лагәлаа иԥсҭазаара далҵит. Аҵарауаҩ аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит ажьырныҳәа 21 рзы Џьгьарда ақыҭан.

"Рои Михаил-иԥа Лагәлаа иџьабаа рацәоуп Аԥсны азы, аекономистцәа ҿарацәа рааӡараҟны. Аԥсуа ҵарауаа аекономистцәа раԥхьатәиқәа дреиуоуп: Ростов ауниверситет, аспирантура дрылгеит, акандидаттә диссертациа ихьчеит. 40 шықәса инарзынаԥшуа Аԥсуа университет аҟны аус иухьан, аекономикатә теориа акафедра деиҳабын. Иара зегьы пату рықәиҵон, еиҳабык еиԥш даҳхылаԥшуан. Даара ҳаизааигәан, акыр аусумҭақәа еицҭҳажьхьан. 2000-тәи ашықәсқәа рзы иҭҳажьит ашколқәа ирылго аекономика дырҵаразы ашәҟәы, иара редактор хадас дҳаман. Даара ҳгәы далоуп, иҟазшьа, иуаҩра бзиан", - иҳәеит Шьалашьаа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0