Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ахәаҷба еиҭеиҳәеит аԥсуа-аҭырқәа аҭырқәа аԥсуа жәар шеиқәиршәаз атәы

© Foto / предоставлено Ирфаном АхэачбаИрфан Ахәаҷба
Ирфан Ахәаҷба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҭыҵит 30 нызқь ажәа зну аԥсуа-аҭырқәа аҭырқәа-аԥсуа жәар. Иара убас иҟоуп амобилтә версиагьы. Ажәар аус адызулоз ҳџьынџьуаҩ Ирфан Ахәаҷба еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны ашәҟәы аус шадиулоз атәы.
Ахәаҷба еиҭеиҳәеит аԥсуа-аҭырқәа аҭырқәа аԥсуа жәар шеиқәиршәаз атәы

"2005 шықәсазы аусура аҟынтә аԥсшьарахь сыиасит. Уи ашықәсан разҟыс исоуит аԥсуааи азыхәцәеи ҳаилахәны иҳамоу Адаԥазар аидгыла аҟынтә Анкараҟа аԥсшәа дзырҵо арҵаҩцәа рзы акурсқәа рахь ҳахьдәықәырҵоз. Уаҟа аҩышьа, аԥхьашьа ҳдырҵон. Аԥхьара саналага исзымдыруаз ажәақәа сԥыло иалагеит Аԥснынтәи иаазгоз ашәҟәқәа рҟны. Уи ашьҭахь ажәарқәа срышьҭало салагеит. Ус исзымдыруаз ажәақәа еизызго ажәар ашьапы скит 15 шықәса раԥхьа. Схазы салагеит, аха уи ашьҭахь сара сеиԥш иззымдыруа ирыхәарҭахап ҳәа, изҭаххоз раԥхьа 10 бӷьыц рзысышьҭуа салагеит. Уи ашьҭахь 100 бӷьыцк ҟалеит, анаҩс 500. Сҩызцәа шәҟәыс иҟаҳҵап ҳәа сарҳәо иалагеит. Атехнологиақәа сара срымаҭәам, аҿарацәа урҭ ирымаҭәу ирбан амобилтә телефон аҟны ҭырқәшәала иуыҩыр аԥсшәа унаҭо, аԥсышәала иуыҩыр аҭырқәшәала ишыҟоу унаҭо иҟалеит. Убас еиҿкаауп ари ажәар", -иҳәеит Ахәаҷба.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0