Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аҩӡба: ахада иалхразы азакәан арҽеирақәа аларымгалазар, уи иазыхынҳәуам ҳәа аанагом

© Sputnik / Томас ТхайцукБадрак Авидзба
Бадрак Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҟны жәабран 6 рзы адепутатцәа зхәаԥшуаз азҵаарақәа рхыԥхьаӡараҟны иҟан Аԥсны ахада иалхразы Аконституциатә закәан ариашарақәа алагалара. Уи ахәаԥшра шымҩаԥысуаз арадиоефир аҟны еиҭеиҳәеит Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.
Аҩӡба: Аԥсны ахада иалхразы азакәан арҽеирақәа аларымгалазар, уи иазыхынҳәом ҳәа аанагом

"Аилатәараҟны ажәадгалақәа ҩба ҟаҵан адепутатцәа Илиа Гәниеи Валери Агрбеи рҟынтә Аԥсны ахада иалхразы азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы. Адепутат Агрба ирыдигалаз арҽеирақәа рҟны азакәан 19-тәи ахәҭаҷ убас еиԥш дахәаԥшуеит ахадас дҟаларц аҩбатәи атур аҟны еиҳаны абыжьқәа зуаз. Убри аан аҩбатәи атур аҟны акандидатцәа руаӡәк мзызқәак ирыхҟьаны аинадҭлара далҵыр, алхратә биуллетен далагалахоит иаҳа абжьы рацәа зауз акандидат. Иара убасгьы адепутат Валери Агрба аредакциа азутәуп ҳәа иԥхьаӡоит 19- ахәҭач аҩбатәи ахәҭа. Далхуп ҳәа иԥхьаӡатәуп акандидат еиҳаны абыжьқәа зауз, зегьы ирҿагыланы алхыҩцәа рыбжьқәагьы раасҭа имазароуп.

Убасгьы аусӡбарҭаҟны зус рыӡбахьоу, анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло, зыпсихика ҭышәынтәалам аҳәынҭқарра ахадарахьы мап ицәкызарц азакәан аҟны иалагалатәуп ҳәа иԥхьаӡоит адепутат. Убасгьы Апарламент аҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба иҳәеит аҳәынҭқарра ахада иалхразы азакәан 19-тәи ахәҭаҷ иахәаԥштәуп, ҩ-знеишьак аманы иҟамларц азы ҳәа…

Абжьыҭираҟны ианнарга адепутатцәа ирыдрымкылаӡеит, аха уи иаанагаӡом иазыхынҳәыр ҟалаӡом ҳәа, макьана иҟоу аамҭа рхы иархәаны арҭ ма даҽа згәаҭақәак ҟаҵаны аԥсахрақәа аларгалар ҟалоит.

Адепутат Илиа Гәниа убасгьы иҟаиҵеит ажәадгалақәа Аԥсны ахада иалхразы азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы. Иара адепутат Валери Агрба иахәҭоуп ҳәа ииԥхьаӡо арҽеирақәа рнаҩс иалагалатәны ибоит зықәра аҵанакуаз аибашьра иалахәымыз азин рымхзарц аҳәынҭқарра ахадарахьы анеира. Убасгьы Илиа Гәниа игәаанагарла аҩбатәи атур аҟны иалагалатәуп актәи аҟнеиԥш 50 проценти бжьыки зауз аиааира игеит ҳәа ԥхьаӡазарц, убри аан абжьыҭара азин змоу рҟынтәи 25 процент неир, алхра мҩаԥысит ҳәа иԥхьаӡазарц. Ари ахыԥхьаӡара маҷуп ҳәа зыԥхьаӡо адепутатцәа ыҟоуп, иара убас иҟоуп азакәан аԥсахрақәа алагалара аҭахым ҳәагьы агәаанагара змоу. Имаҷым адепутатцәа аԥсахрақәа ралагалара ахәҭаны избо. Иаҳҳәап, Александр Анқәаб аҩпроектк рҟны узызҿлымҳахаша ахәҭаҷқәа шыҟаз, иааиуа алхрақәа рҟны ауадаҩрақәа еиҭа ицәырымҵырц рыдкылара шахәҭоу", - иҳәеит Аҩӡба.

Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0