Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арышԥҳа: Тҟәарчал араион иаԥсыуам ақыҭа школқәа рҿы аԥсуа бызшәазы арҵаҩцәа азхом

© Foto / Манана АршбаМанана Аршба
Манана Аршба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион аҵара аҟәша аиҳабы Манана Арышԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит араион аҿы аҵара аусбарҭа иамоу ауадаҩра атәы.
Арышԥҳа: Тҟәарчал араион иаԥсыуам ақыҭа школқәа рҿы аԥсуа бызшәазы арҵаҩцәа азхом

Арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны, амҩаԥгаҩцәа есыҽны еилыркаалоит араионқәа рҿы ақыҭанхамҩеи, акультуреи, аҵарадырреи, аспорти рҟны иҟоу аихьӡарақәеи, аҿыцрақәеи, раԥхьаҟатәи рыгәҭакқәеи ртәы. Тҟәарчал араион иамшны иазыԥҵәоуп ахаша.

"Араион зегьы аҟны 1700-ҩык аҵаҩцәа ҳамоуп, ақалакь аҟны 628-ҩык, егьырҭ араион ашколқәа рҟны ауп аҵара ахьырҵо. Сынтәа иалгоит 153-ҩык. Урҭ рахьынтә аӡәгьы ахьтәы медалла далгаӡом, аха ибзианы аҵара зҵо ыҟоуп, урҭ ус еиԥш аԥышәарқәа арҭап ҳәа ҳгәыӷуеит. Арҵаҩцәа рахьынтә иҟоуп аҿарацәа. Сынтәа исыдыскылеит, иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылган иааз ааҩык. Уаанӡа Гал араион иаҵанакуаз ақырҭуа школқәа, иахьа иаурысхахьоу рахь арҵаҩцәа рышьҭра уадаҩуп, арҵаҩы уа днымхозар. Аибашьра анеилга школқәа рҿы аԥсуа бызшәа аҵара ианалага абызшәа здыруаз аҩныҳәсақәа рыдыркылеит. Дара шьҭа 20 шықәса аус руеит, аха иреиҳау аҵараиурҭақәа ирыламгацт. Урҭ рзы ацхыраара ҟаҳҵоит есышықәса, имҩаԥаагоит иаарту аурокқәа, аха иҟоуп иаҳзымхоу аԥсуа бызшәазы арҵаҩцәа, урҭ иаԥсыуам ақыҭа школқәа рҟны мацароуп. Егьыс араион аҿы арҵаҩцәа зегьы ҳамоуп, еиҵахара ҳәа уи азы акгьы ыҟам", - ҳәа еиҭалҳәеит Арышԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0