Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лашәриа Рушьбеи Смыр изы: аҩра - жәҩанахьтә имаз ааԥхьаран

© SputnikМушни Ласурия
Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр жәабран 13 ихыҵуазаарын 70 шықәса. Зыжәлари зыԥсадгьыли ирыхӡыӡаауаз, абааш иаҩызаз арҿиаҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы дигәаларшәеит Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.
Лашәриа Рушьбеи Смыр изы: аҩра - жәҩанахьтә имаз ааԥхьаран

"Рушьбеи зегь раԥхьаӡа дпоетын, ус иҟан жәҩанахьтә имаз ааԥхьара. Иара дышмаҷыз, амашәырла иҩыза ибла иамхахәит. Уи иахҟьаны маҷ-маҷ ибла алашара цоит, усҟан иани иаби ирылшоз зегь ҟарҵеит, аха аҵыхәтәаны ибло иамбо иҟалеит. Абри аханатә игәхьааны ицрыхон, гәырҩас иман. Зны Одессантә иани иаби иареи аӷба иақәтәан ианаауаз, дрыҳәан амырзакан изаархәеит. Иара даара ашьҭыбжьқәа ибзианы иаҳауан амузыка аганахьала, иҵарны, акомпозиторцәагьы уи азгәарҭахьан. Ихьаа амырзакан ацырӷазра далагеит. Маҷ-маҷ ажәақәагьы налиҵо далагеит. Анаҩс урҭ ажәеинраалақәа иажәеинраалахо иалагеит. Абас аԥсуа поезиа аду ахь дцәырҵит. Иара иблақәа рчымазара иахҟьаны, џьара уи азгәеиҭоит, аҽшьра иақәикхьан изныкымкәа, убраанӡа иԥсҭазаара мариамызт, нас аҵыхәтәаны ашьақар чымазарагьы изацлеит. Абасала имариамызт иара инысымҩа. Ипоезиа акәзар, Рушьбеи иаанижьыз ажәеинраалақәа, ипоема "Симра" инаркны, урҭ шедеврқәоуп. Урҭ аԥсуа жәлар ргәырҩа, рхьаа ауаҩытәыҩса дызлаҟоу инаркны, уи изаҵәра далызго поезианы, ажәаны наунагӡа иаҳзаанижьит. 40 шықәса инареиҳаны иара алитература амаҵ азиуит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Лашәриа.

Рушьбеи Смыр акьыԥхь ахь дцәырҵит 1965 шықәса инаркны. Апоет зааӡатәи иаԥҵамҭақәа агазеҭ "Бзыԥ" адаҟьақәа ирнылоит. 1973 шықәсазы иҭыҵуеит апоет раԥхьаӡатәи иажәеинраалақәа реизга "Аеҵәақәа рыкәашара". Ари аизга ала апоет данылоит хьӡи-ԥшеи згымыз ирҿиаратә мҩаду.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0