Ахьы лазҵоз апоет: Рушьбеи Смыр игәалашәара иазкны

© Foto / предоставлено Алиной ЖибаРушбей Смыр
Рушбей Смыр  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рушьбеи Смыр иԥсҭазаара иалҵра ахьаа ду зызцәырнагаз, изныкымкәа иҿцәажәара насыԥс измаз, иԥсадгьыл ахь имаз агәыбылреи ипоезиатә баҩхатәра ҵаулеи знырхьаз аҩра знапы алаку арҿиаҩ қәыԥш Алина Жьиԥҳа Жәлар рпоет игәалашәара иазкны илҩыз анҵамҭа шәыднагалоит Sputnik.

Алина Жьиԥҳа, Sputnik

Иеҵәахә кыдшәеит Аԥсны жәлар рпоет Рушьбеи Смыр. Иԥсы иит. Ижәлар дырхьаауп, ара Аԥсынреиԥш, аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа рҿгьы. Иԥсадгьыл џьабоит.

69 дырҭагылан... Иқәра дуум, ҳәарада. Аха Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа, иара усгьы згәабзиара уашәшәыраз, иԥсҭазаараҿы иибахьаз аџьабааи агәаҟрақәеи шырацәаз ала, игәы аӷәӷәароуп уажәыраанӡа даазгаз, ус зылшо маҷуп. Уи иихигахьаз зегьы, ианеиҵоу, даҽа х-ԥсҭазааракгьы ирызхон. Аха Ҳазшаз дааигон, макьана ииҳәашаз иман азы. Иагьырацәан иҳәатәы.

Иара ус баша иҳәоу, иҭацәу цәаҳәакгьы, ажәакгьы имаӡам. Ибызшәа ссирӡоуп, ихәыцшьа ҵаулоуп, ибаҩхатәра уникалтәуп. Ирҿиара зегьы ашәа хаа иаҩызоуп, ҳҭоурых ахаҭеиԥш, зны игәаҟашәоуп, зны игәырӷьашәоуп. Изыԥсоузеи апоема "Семра" амацарагьы? Роман дуӡӡак иузҭамыгӡо агәыӷреи ахьааи ҭаӡоит ари аҩымҭа. Адиктофон ибжьы ҭаҩуа мацара иаԥиҵаз…

Сара насыԥс исыман уи апоема урыс бызшәала еиҭаганы ианҭыҵ, Москва имҩаԥысыз ашәҟәы аӡыргара сахьалахәыз. Урыстәыла дуӡӡа аҳҭнықалақь аҿы игон абас еиԥш ажәақәа: "Кавказ жәларқәа ирзаҳуз агәнаҳазы ҳаҽкажьны аҭамзаара шьҭаҳҵарц шҳахәҭоу ҳнарбеит абри ашәҟәы!" ҳәа. Ҳаешьаратә ашьхарыуа жәларқәагьы хәы змаӡам ҳамҭаны ирыдыркылеит, доусы рбызшәақәа рахь еиҭаганы, ашколтә, ауниверситеттә программақәа ирыларҵоит. Ииашаҵәҟьаны, адунеитә литературазгьы ибаҟоуп ари апоема.

Рушьбеи Смыр аҩра ада уаҳа акгьы даҿымзаргьы, имилаҭ дырфырхаҵахон, убас анархеи аҵак дуи амоуп иара ипоезиатә ҭынха. Аха иара аҵыхәтәантәи иԥсеивгараҟынӡа ижәлар рлахьынҵа рыцеиҩызшоз, еснагь ирывагылаз уаҩын. Аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭаҿы дгылан, аҵыхәтәанынӡагьы данысит уи амҩа. Игәы былуан зегьы рзы. Еиҳаракгьы, аҿар лымкаала дырзыҟан. Ажәала мацара акәым… Ирацәаҩӡоуп зҵараҿы, зеизҳараҿы дзыцхырааз. Абаҩхатәрақәа гәыкала дреигәырӷьон. Аӡәырҩы рынасыԥқәагьы еибиҭахьан...

© Foto / предоставлено Алиной ЖибаМушьни Лашәриеи, Рушьбеи Смыри, Алина Жьиԥҳаи реиԥылараан
Ахьы лазҵоз апоет: Рушьбеи Смыр игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Мушьни Лашәриеи, Рушьбеи Смыри, Алина Жьиԥҳаи реиԥылараан

Иареи сареи хаҭала ҳаибадырит санстудентыз аамҭақәа рзы, Гәдоуҭа, С. П. Дбар ихьӡ зху Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аҳəынҭқарратə музеи аҿы еиҿкааз аҩра знапы алаку аҿар рԥылараҿы. Уи аиԥылара иалахәыз ашколхәыҷқәагьы ҳаргьы ҳамҭас иҳаиҭеит усҟан ҿыц иҭыҵыз ихәыҷтәы жәеинраалақәа реизга ссир "Аҵыс иаҵәа". Убасҟан раԥхьаӡа акәны лабҿаба дызбеит, ибжьы саҳаит бзиа избоз апоет. Аԥхарра аҵан имҩаԥысит уи аиԥылара. Илафҳәараҵәҟьа зыԥсази!

Ашьҭахьы изныкымкәа аҿар ҳаидкыланы ашьхарахь ҳаигахьан. Аиҿкааратә усқәа зегьы ихахьы игон, ҳара иаҳуалыз аҽақәыршәара заҵәык акәын. Ауадҳара, аӡиа Мзы, Пыв, Ҽхы – абарҭқәа зегьы раԥхьаӡа акәны иахьызбаз зыбзоуроу Рушьбеи Смыр иоуп. Ашьхақәа, аԥсабара иԥсы рыҿҳәаран… Аҭыԥқәа зегьы еимидахьан, ҳара ҳаицны ҳаныҟаз иблабара цахьан, аха аҵлақәа ргылашьаҵәҟьа игәалашәон, иҵхәраауаз аӡиасқәа зегьы идыруан.

© Foto / предоставлено Алиной ЖибаАлина Жьиԥҳа Рушьбеи Смыр иҿцәажәарақәа руак аан
Ахьы лазҵоз апоет: Рушьбеи Смыр игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Алина Жьиԥҳа Рушьбеи Смыр иҿцәажәарақәа руак аан

Ҳцахьан ԥхынралагьы, асы анлеихьаз ҭагалан хьшәангьы. Сыԥсҭазаараҿы иреиӷьу амшқәа ируакуп убарҭ амшқәа, ҳәарада. Ашьхараҿтәи ҳцәажәарақәа, ҳныҟәарақәа, уатәи акарахареи аԥсшьареи, аҳауеи аӡыхьи ргьама, алҩа афҩы, ажәҩан азааигәара – уа зегь даҽакуп, ицқьоуп. Наунагӡа сгәы иҭнымҵәо иаанхоит. Аха зегь реиҳа сзеигәырӷьо – аԥсуаа наџьнатә аахыс ашьха ишазыҟаҵәҟьаз сыблала иахьызбаз, Аԥсуара аныҟәгара иаанаго ахьыздырыз ауп – Рушьбеи Ҳазараҭ-иԥа ила.

Ҩымчыбжьҟа раԥхьа аҵыхәтәан ҭелла ҳанеицәажәозгьы иҳәон, Анцәа исиҭозар, сынтәагьы ҳцоит ҳәа… Иара гәҭакыс иман Риҵа азааигәара аҿар рзы, иахьааидтәалаша, аԥсабара иагәыҵаҳәҳәаны иахьыҩлаша, арҿиаратә еиԥыларақәа ахьымҩаԥыргаша аҭыԥ аартра. Ахыбрагьы азалхны иҟоуп, иахьынӡаздыруа. Убри игәҭакы нагӡахароуп, хымԥада, ибзианы иҟалар – ихьӡгьы ахҵатәуп ҳәа сгәы иаанагоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук Рушьбеи Смыр шьахәла апианино аирҳәон, аԥсуа шәақәагьы ациҳәон.
Ахьы лазҵоз апоет: Рушьбеи Смыр игәалашәара иазкны - Sputnik Аҧсны
Рушьбеи Смыр шьахәла апианино аирҳәон, аԥсуа шәақәагьы ациҳәон.

Рушьбеи Смыр аҵыхәтәан аус здиулоз ашәҟәы "Хьылаҵара" ахьӡуп. Ахьы лазҵоз апоет иара иакәын. Иажәа хьуп. Аԥсуа бызшәа амаӡақәа ззаатыз, уи агәеисырҭа ахьыҟаҵәҟьоу здыруаз, абызшәа зырбеиоз дреиуан, ижәлар дырҵеи лашан.

Абри сыҩуанаҵы слымҳа иҭыҩуеит апианино арҳәауа зны иаҳзынаигӡоз аԥсуа фырхаҵарашәа. Ибжьы ԥшӡан даара. Иԥсадгьыл аԥеиԥш бзиа акәын зегь реиҳа дзызхьуаз, зыгәрагьы игоз. Иахьа Аԥсынра дагхеит, аха иажәеи иусқәеи наунагӡа ԥсра-ӡра рықәымкәа иаанхоит! Иҭабуп иаҳзынижьыз адоуҳатә мал ду азы! Игәрагара ҳаԥсахааит!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0