Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нанба еиҭеиҳәеит Аԥсны инхо аветеранцәа рҟынтә 75 нызқь мааҭ зауа

© Sputnik / Томас ТхайцукЗакан Нанба
Закан Нанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи аџьеи рветеранцәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Закан Нанба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны инхо аветеранцәагьы 75 нызқь мааҭ рзыршәарц азы Урыстәыла ахада ихьӡала ашәҟәы рҩырц ргәы иахьҭоу зыхҟьаз.

 

Хра злоу ахҭысқәа: Нанба Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира амшныҳәаз аԥаратә ҳамҭа аиура иазкны

"Аурыс ҳәынҭқар иқәҵарала аибашьра иалахәыз Урыстәыла иҭаҩу, уа инхо, Аџьынџьтәылатәи еибашьра ду Аиааира амш аламҭалаз 75 нызқь мааҭ аԥара роуеит. Ҳара ари ажәабжь ауадаҩрақәа ҳазцәырнагеит. Ҳветеранцәа аурыс тәылауаҩшәҟәы ҳамазар, аԥаратә ҳамҭа аиура ҳзаҵанамкрызеи ҳәа азҵаара ықәдыргылеит. Ақәҵараҿы иарбоуп Асоветтә еидгыла иалаз аҳәынҭқаррақәа рахьынтә Литва, Латвиа, Естониа, иқәынхо аветеранцәа. Ҳара арахь ҳаҵанакуам. Убри аан Аԥсны инхоит Урыстәыла иҭаҩу аветеранцәа, урҭ, жәаҳәарада, иаҵанакеуит, аха иҭаҩым иоуӡом. Убри инамаданы ҳгәы иҭоуп Аԥсны атәыла ахада аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи сареи Урыстәыла ахада ихьӡала ашәҟәы ҳҩырц, егьырҭ иаанхаз аԥснытәи аветеранцәагьы аҵанакыртә еиԥш аҳәара ҟаҳҵаразы. Иахьазы Аԥсны инхоит 48-ҩык, урҭ рахьынтә 20-ҩык рҟынӡа роуп Урыстәыла иҭаҩым. Аԥара рызшәахоит атыл аҿы аџьабаа збазгьы, аветеранцәа рыҳәса еибацәагьы. Иахьазы зыԥсы ҭаны иаанхаз даара имаҷуп. Ашәҟәы алҵшәа амаиур, есышықәса еиԥш сынтәагьы Аԥсны аныҳәа аламҭалаз ҳветеранцәа ирзыршәо аԥаратә ҳамҭа рнапаҟны идыркхоит, 10-15 нызқь мааҭ раҟара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Нанба.

 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0