Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашԥҳа илҳәеит Аҷандареи Абгархықәи имҩаԥгаз адемографиатә ҭҵаарақәа рылҵшәа атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАсҭанда Ҳашԥҳа
Асҭанда Ҳашԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩы, аетнодемограф, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Асҭанда Ҳашԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит ақыҭақәа Аҷандареи Абгархықәи рҿы имҩаԥылгаз адемографиатә ҭҵаарақәа иаадырԥшыз атәы.
Ҳашԥҳа еиҭалҳәеит қыҭақәа ҩба рҿы имҩаԥгаз адемографиатә ҭҵаарақәа рлыҵшәа атәы

"Асовет аамҭазы Аҷандареи Абгархықәи ақыҭақәа рҿы ауаа рхыԥхьаӡара рацәан. Аҷандара ақыҭан иҟан 1286-ҩык, 2016 шықәса рзы ари ахыԥхьаӡара акырӡа имаҷхеит, 784-ҩык роуп иҟаз. Абгархықәгьы убасҵәҟоуп аҭагылазаашьа шыҟоу. Хацәала, ҳәсала уҳәозар, асовет аамҭазы адемографиатә пирамида ҳәа изышьҭоу ашьаҭа даараӡа иҭбаан, уи ашьаҭаҿы иҟан ҿыц ииз ахәыҷқәа хәышықәса рхыҵаанӡа. 2016 шықәса рзы урҭ рхыԥхьаӡара даара имаҷуп, апирамида аҭбаара маҷхеит. Аҩада - ахацәеи аҳәсеи 40 шықәса рҟынӡа еиҟароуп, аха уи нахыс аҳәса рганахьала еиҳа еиҳахоит. Уи иаанаго, 90 шықәса зхыҵуаны иҟоу еиҳарак аҳәса роуп. Ԥсабарала ахацәа еиҳа иԥсуеит аҳәса раасҭа. Анаҩс еиҭа иазгәасҭаз, аҭыӡҭыԥқәа иаҳа-иаҳа иҭацәу рацәахоит. Аҩнқәа гылоуп, аха уа ауаа нхаӡом. Иҟоуп аҩнқәа, аӡәызаҵәык дахьынхо, урҭ еиҳарак атәанчаҩцәа роуп. Бжьаратәла аҭаацәа рҿы ҩыџьа-хҩык ахәыҷқәа рымоуп. Хҩык ахьыҟоу - ҩыџьа ҭыԥҳацәоуп, ахԥатәи дыҷкәыноуп, ԥшьҩык ахьыҟоу - хҩык ӡӷабцәоуп, егьы дыҷкәыноуп. Аԥсуа ҭаацәараҿы аҵеи данилакгьы, лрепродуктивтә усура уа иаанкылоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҳашԥҳа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0