Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Бениа иааиуа аԥсшьаратә аамҭазы: акоронавирус ԥхасҭак ҳнамҭар, ҳабзиахон

© Foto / Рафаэль БебияРафаэль Бебия
Рафаэль Бебия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра анҵәамҭазы Аԥсны аԥсшьарҭатә ҩнқәеи асасааирҭақәеи рҿы ихыркәшахоит заатәи аҿаҵара. Урҭ рлҵшәақәеи, аԥхын аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшрахар алшо атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Гагра асасааирҭақәа руак аиҳабы Рафаель Бениа.
Раионк аԥсҭазаараҟнытә: Бебиа иааиуа атуристтә аамҭазы

"Ҵыԥхи ҵыԥхцәеи раасҭа иаауа атурситтә сезон еицәам ҳәа агәыӷра сымоуп. Авирустә чымазара, коронавирус, иахҟьаны ԥхасҭақәак ҳмоур, зынӡагьы ҳаиӷьхон. Макьана иҳамоу заатәи аҿаҵара ахьынтә аҿкы чымазара иахҟьаны иԥсшьараамҭа мап ацәырымкыц, аха азҵаарақәа рацәаны иҳаурц ҳәа сшәоит убри аганахьала аԥхынра ааиуа ианалагалак. Урыстәыла атәылауаа шаауа ҳдыруеит, аха егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь аҳәаа адыркыр ҳара ҳахь иаҳа ирацәахоит, аха ҳаргьы ҳҽазыҟаҵан ҳаҟазароуп", - еиҭеиҳәеит Бениа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0